Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны изакәанымкәан иахыргоз аҭаҭынаалыҵ аанкылоуп

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни по городу Сочи Контрабанда сигарет
Контрабанда сигарет - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса иалагазар Евразиатәи аекономикатә еидгыла (ЕАЭС) аҳазалхратә ҳәаала Краснодартәи аҳазалхраҿ аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа ахыгаразы административтә зинеилагарақәа рзы 207 административтә шьаус хацыркуп.
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҽазныкгьы иаарԥшын аҳазалхратә закәанԥҵара еилаганы аҳәаа иахыргоз 500 ҭоԥ асигарет ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазылхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Изакәанымкәа аҭаҭынаалыҵ автомашьына AUDI A8 иҭаҵәахын. Автомашьына аанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳазалхратә гәаҭарақәа анымҩаԥысуаз.
Иаарԥшын автомашьына аҩнуҵҟа иара иаҟазшьамыз аҭаҩаҿарақәа шыҟаз. Ашьҭахьтәи акәырқәа аҵхны апластик иалху амҵәыжәҩа аҵаҟа анамырх ирбеит иадчаԥалаз аметаллтә ҭаҵарҭа. Уи аҩнуҵҟа иҭаҵәахын асигарет кулаԥқәа. Амаӡаҵәахырҭаҟынтә иҭыган 49 ҭоԥи 9 кулаԥки асигарет "MILANO LONDON", "CAVALLO BY TONY FRANK" (499 кулаԥ, 9 980 цыра).
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
АШәМ изакәанымкәан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа иахыгаз аҭаҭын аалыҵ амҽхак атәы иазааҭгылеит
Амашьына аԥсҟы зкыз, 31-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ иҿа иқәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҭиразы ишааихәаз.
Аалыҵ згоз имхуп, аекспертизахь инашьҭуп. Азинеилагаҩ иганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп Урыстәыла КоАП ахәҭаҷ 16.3, ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 инарықәыршәаны.
2021 шықәса иалагазар Евразиатәи аекономикатә еидгыла (ЕАЭС) аҳазалхратә ҳәаа аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа ахыгаразы административтә зинеилагарақәа рзы 207 административтә шьаус хацыркуп.
Ирымхуп аҭаҭын аалыҵ 150 000 сигарет рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0