Аԥснытәи аруаа АрМи-2021 рҽазыҟаҵо ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа иахысит

© Foto / пресс-центр Армейских международных игр–2021 Военнослужащие Китая и Абхазии опробовали горную полосу препятствий и стрельбище в рамках подготовки к «Эльбрусскому кольцу-2021»
Военнослужащие Китая и Абхазии опробовали горную полосу препятствий и стрельбище в рамках подготовки к «Эльбрусскому кольцу-2021» - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа официалла ихацыркхоит нанҳәа 22 азы Терскол – Ҟабарда-Балкариа.
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсни Китаии рыруаа аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" аҽазыҟаҵара аҳәаа иҭагӡаны ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа иахысит Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рҟны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Ҟабарда-Балкариатәи ашьхақалақь Тырныауз.
Армейские международные игры–2021  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Аԥснытәи акоманда "Танковый биатлон" иалахәхоит
Ашьхаратә цәаҳәа аицлабра актәи ахәҭа зегь раасҭа иуадаҩу усдҵан иԥхьаӡоуп. Иара ахысразы иазыԥхьагәаҭоуп: ашьха ахалара, албаара, 24 кьыла иҟоу аџьаԥҳаны зҭоу аиашьыкь ахагалара, ахаҳәқәа урықәланы аӡы урроуп, 30-35 градус иҟоу ацаҟьаҟынтә 25 метранӡа аграната аршәра, иҵысҵысуа ақыдуахәа ақәсра, иҭабгоу ацҳа ақәсра уҳәа аԥынгыла рацәа.
Барҭ аԥынгылақәа зегьы аррамаҵзурауаа абџьар иаҵаны имҩаԥыргеит.
Иара убасгьы 250 метра анаӡарала ахысрақәа мҩаԥыргон, 36 цәҟьара ирықәыршәатәын (ахысыҩцәа, ахыԥсаҟьаҩцәа, аснаиперцәа рзы).
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп арратә ашьхахалаҩцәа ркомандақәа Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Китаи, Пакистан, Ҟазахстан, Ермантәыла, Узбекистан, Индиа рҟынтәи. Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа ирылагаанӡа иалахәу атәылақәа рышьхатә ҟәшақәа иахәҭоу ахархәагақәа рыҭахоит, аҳауаҽаршьцылара иахысуиет, реицлабра ахырхарҭа ҭырҵаауеит, ашьхараҿ аиқәырхара аиҿкаара аус адыруылоит.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа официалла ихацыркхоит Ҟабарда-Балкариа Терскол аҳаблан нанҳәа 22 рзы. Аицлабраҿы Урыстәыла ахьӡала иқәгылоит ВДВ акоманда, аицлабра "Ельбрустәи амацәаз – 2021" урыстәылазегьтәи ахәҭа аҟны актәи аҭыԥ згаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0