Амобилтә госпиталь Аҟәа ашьақәыргылара иаҿуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи.
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны иаадыртит. Уаҵәы инаркны ауаа рыдкылара иазыхиоуп.
Мобильный госпиталь Минобороны России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Урыстәылатәи арратә госпиталь Аҟәаҟа иааит аҿкы змоу рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы
Амобилтә госпиталь автоколоннеи ахимиатә хьxара аотриади иацы Аҟәаҟа иааит Ставропольнтәи 800 километра иахысны. Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы игылоит.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны зыԥсы зшьо асасцәеи амобилтә госпиталь аҳақьымцәеи хаз-хазы иҟазаауеит, уи азы аанда ҟаҵоуп. Иара убас амобилтә машьынақәеи, атехника ҷыдеи аргыларҭа азы хаз игоу амҩа азылхуп.
Уи адагьы амедусзуҩцәа рзы хаз игоу афатәҟаҵарҭеи амаҭәаӡәӡәарҭеи еиҿкаауп.
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.
Мобильный госпиталь Минобороны России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Амшын еиқәа афлот ахимиатә хьчара архәҭа Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы иааит
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь. 2021 шықәса хәажәкыра 1 азы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит.
Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан х-нызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рзыҟаҵан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0