"Аԥсныбылтәы" Аԥсны агаз ахә иацлоит ҳәа азгәанаҭоит

CC0 / / Газ
Газ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны агаз Урыстәыла иамнахәҳауеит. Уа абылтәы аҭагылазаашьа инадҳәаланы ахәқәа халеит.
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. "Аԥсныбылтәы" азԥхьагәаҭарала баллонк агаз 680 мааҭ аҟынтә 1100 мааҭ рахь ахә неиуеит. Абри атәы Аԥсуа телехәаԥшраҿы еиҭеиҳәеит АУН "Аԥсныбылтәы" аекономист хада Валери Антонов.
1100 мааҭ ахь иалоуп аҩнынӡа анагарагьы. Уи азы уажәы 70 мааҭ ршәоит.
Аԥсны агаз Урыстәыла иамнахәҳауеит. Уа абылтәы аҭагылазаашьа инадҳәаланы ахәқәа халеит. Абри ауп ареспубликаҿгьы ахәқәа рышьҭыҵра зыхҟьо.
"Излааҳхәо ахәԥса еиҳахеит. Уаанӡа тоннак азы 38 000 мааҭ ҳшәозар, уажәы иаҳзааз 58 662 мааҭ иаԥсан. Абри ауп изыдҳәалоу ара агаз ахә ацлара. Аха уи азы макьана акы ӡбаны иҟам", - ҳәа иҳәеит Валери Антонов.
"Аԥсныбылтәы" аҿы ирҳәеит агаз адефицит шыҟамло. Агаз аагаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп ҳәа азгәарҭеит уа.
Заседание в Кабмине  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Аԥсны аминистрцәа реилазаара абылтәы зыда царҭа амам ахәԥсатә ҳәаа шьақәнаргылеит
Аԥснытәи аилахәыра агаз аанахәоит "Нефтегаз Сочи" аҿы. Уажәазы ари аилахәыреи дареи 67 000 тонна агаз аахәаразы аилаӡара рыбжьоуп. Тоннак азы 58 000 мааҭ инареиҳаны ишәатәуп. Убри аан алагалатә ахәԥсацҵазы (НДС - аред. ашәахтә шьақәыргылам.
"Ҩ-вагонк Аԥсныҟа иаахьеит, даҽакы Адлер игылоуп. Зынӡа 105 тонна ыҟоуп. Уи ианеиҵаха ҩымз иҳазхоит. Ауааԥсыра рзы агаз адефицит ҟалом", - иҳәеит Валери Антонов.
Аԥсны агаз заҟа иаԥсахо макьаназы ишьақәыргылам. Ари азҵаара Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иӡбахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0