Аҳәынҭстатистикаҿы 2021 шықәса нанҳәамзазы ахныҟәгаратә минимум заҟароу рҳәеит

© Sputnik / Акоп Кущян Монета номиналом один рубль
Монета номиналом один рубль  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2021
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазтәи абри аамҭа иаҿырԥшны Аԥсны ауаҩԥсы ахныҟәгаразы изхаша 13,3% рыла еиҳахеит.
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. 2021 шықәса нанҳәа 1 азтәи арбагала Аԥсны аӡәы ихныҟәгаразы хымԥада иҭахуп 8025,3 мааҭ ҳәа аҩуеит амаҵзура Аԥсныпресс астатистикатә усбарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Арахь иаҵанакуеит:
  • Афатә ахә - 5489,3 мааҭ,
  • Афатәаалыҵ иаҵанамкуа атауар ахә – 1573,0 мааҭ,
  • Зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа рыхә – 963,0 мааҭ.
2020 шықәсазтәи абри аамҭа иаҿырԥшны анхаралшара иазхаша 13,3% еиҳахеит.
Ахархәаратә хәԥсақәеи атарифқәеи риндекс 2021 шықәса иалагазар 103,8% итәоит, афатәаалыҵ иаҵанамкуа атауарқәа – 105,0%, афатәаалыҵ тауарқәа – 105,8%, зыхә ршәо амаҵзурақәа – 102,4%.
Ажәабжьқәа зегьы
0