Аԥснынтәи асасцәа Алада Новгород азауадқәеи аберҭыԥқәеи ддырбеит

© Foto / пресс-служба Президента РА Делегация из Абхазии на праздновании 800-летия со дня основания Нижнего Новгорода
Делегация из Абхазии на праздновании 800-летия со дня основания Нижнего Новгорода - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа алахәын Алада Новгород 800 - шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аԥсуа делегациа Алада Новгород акультуратәи ааглыхратәи аргыларақәа ирҭааит, Алада Новгородтәи аобласт рҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа аилазаараҿы иҟоуп Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Алхас Барцыц, Пицунда ақалақь ахада Руслан Хәынҵариа.
© Foto / пресс-служба Президента РА Аԥснытәи аделегациа Алада Новгород
Делегация из Абхазии на праздновании 800-летия со дня основания Нижнего Новгорода - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аԥснытәи аделегациа Алада Новгород
Нанҳәа 21 рзы, аделегациа аҭааит Аурыс Апатриархра амузеи, Ацқьа Николаи ихьӡ зху аҳәса рберҭыԥи, Ацқьа-Хаӡәктәи Серафим-Дивеевтәи рберҭыԥи. Аԥснытәи асасцәа мҩаԥигон Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак, Аԥсны иҟоу Урыстәыла уаанӡатәи ацҳаражәҳәаҩ Семен Григорев.
Иара убри аҽны, Алада Новгород аиҳабыра рхаҭарнакцәа рыцны аԥснытәи аделегациа аҭааит Пландин  ихьӡ зху Арзамассктәи азауад.
Ахәылбаҽха аԥснытәи аделегациа алахәын, Алада Новгород ақалақь 800-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә. Уаҟа иаԥхьан Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалартә шәҟәы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
 
 
Ажәабжьқәа зегьы
0