Аӡбарҭа Клемантовичи Скаредновеи рышьразы ахара зыдҵо изыӡба анагӡара аҿҳәара инахеит

CC0 / / Судебный молоток
Судебный молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Анапаҵаҩра
Аслан Ҵәыџьба иус ӡбоуп Урыстәыла атәылауаа Сергеи Клемантовичи Оксана Скареднови 2012 шықәса цәыббра 11 рзы иӷьычит, анаюс ишьит ҳәа.
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшаратә коллегиа Аслан Ҵәыџьба ичымазара иахҟьаны иганахь ала Иреиҳаӡоу аӡбарҭа изыӡба анагӡара аҿҳәара инахеит, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Клемантовичи Скаредновои зшьыз ашьауӷа рықәырҵоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2016
Клемантовичи Скаредновои зшьыз ашьауӷа рықәырҵоит
Аслан Ҵәыџьба иус ӡбоуп Урыстәыла атәылауаа Сергеи Клемантовичи Оксана Скаредновеи 2012 шықәса цәыббра 11 рзы иӷьычит, нас ишьит ҳәа.
Иара 2013 шықәса жьҭаара 11 аахыс арежим ӷәӷәатә колониаҿ дҭакуп, 20 шықәса ахыгара иқәҵаны.
Ҵәыџьба иинтересқәа зыхьчо уаанӡа азыҳәа ҟарҵахьан азыӡба анагӡара аҿҳәара инахазарц игәабзиара ашьақәыргыларазы, аха мап рыцәкын.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа Гамсаниа Г.Г., Цушба М.С., ахантәаҩы Кәарҷиа Р.В. реилатәараан аӡбра рыдыркылеит. Аӡбаҩ Цушба М.С. лхатә гәаанагарала илҳәоит аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбамҭа иашоуп ҳәа.
Аколлегиа аӡбрала азыӡба аҿҳәара инахоуп 2022 шықәса жәабран 11 аҟынӡа Ҵәыџьба атәыла анҭыҵ игәабзиара шьақәиргыларц.
2017 шықәса абҵарамзази 2019 шықәса жәабранмзази абахҭаҿы рыҟазаара алызмыршо ачымазарақәа рымоуп ҳәа рхы иақәиҭтәын ари аус алахәылацәа - Ахра Гоԥиа, Рамин Хмаил.
Џьумбера Бигәааи Нодар Кәыҵниеи рышықәс иагырхан 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 27-шықәса ахыҵраз 2020 шықәса цәыббра 29 азы Аԥсны Апарламент ақәҵара инақәыршәаны ирылаҳәаз амнистиа инақәыршәаны: Кәыҵниа – 16 шықәсанӡа, Бигәаа 15 шықәсанӡа.
2012 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны Апарламент адепутат Нодик Кәыҵниа еиҿикааит Сергеи Клемантовичи Оксана Скаредновеи рӷьычра ҩ-миллион доллар аиуразы. Сергеи Клемантович мап аник ашьҭахь Нодик Кәыҵниеи, Ахра Гоԥиеи, Рамин Хмаили, Џьумбер Бигәааи, Аслан Ҵәыџьбеи ашьҭарӡразы ирыдигалеит арҭ ауаа рышьра.
Сергеи Клемантович аилахәыра "ЕЛ Петролеум-Абхазия" напхгара аиҭон. Иареи Оксана Скаредновеи ыӡит 2012 шықәса цәыббрамзазы. Рыԥсыбаҩқәа ԥшаан 2013 шықәса жьҭаара 14 рзы Аӡҩыбжьа ақыҭантәи ҵеиџьк аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0