Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥсшьарамшқәа раан аусушьа еилкаауп

© Sputnik / Томас ТхайцукПосольство России в Абхазии
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥшьаша нанҳәа 26 инаркны ашәахьа нанҳәа 30 рҟынӡа ԥсшьарамшқәаны ирылаҳәоуп аныҳәақәа ҩба ахьеицааиуа иабзоураны.
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә маҵзура аԥсшьарамшқәа - нанҳәа 26, 27 30 рзы ауаа рыдкылара мҩаԥыслоит ашьыжь асааҭ 09:00 инаркны асааҭ 12:45 рҟынӡа. Абри атәы аҳәоит Ацҳаражәҳәарҭа  Facebook аҿтәи адаҟьаҿы. 
Аԥсны ауааԥсыра хәымш инеиԥынкыланы аԥсшьара рымоуп, нанҳәа 26 инаркны 30 рҟынӡа. 
Акоронавирустә чымазара ҿкы алаҵәара аԥырҟәҟәааразы аконсултә маҵзурахьы фҩык иреиҳаны аҭааҩцәа аамҭакала иҩнарыжьлом, дара зегьы асабрадақәа рҿаршәзароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0