Нанду лажәабжьқәа: Ауадҳара 40 шықәса раҧхьеи иахьеи

© Sputnik / Акоп Кущян Альпийские луга
Альпийские луга  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2021
Анапаҵаҩра
Ауадҳара – Риҵатәи амилаҭтә парк иаҵанакуа ашьха ҳаракыраҿтәи ҭыԥ ԥшӡароуп, иахьатәи ҳаамҭазы уи Аԥсны ауааԥсыра реиԥш атуристцәагьы еицгәарҭан, бзиа ирбеит.
- О, бара, сабажәгои, шәыхәмаруама?
- Ҧсшьара ҳамцои…
- Иарбан ҧсшьароу, бара, сара сзы. Сара убра стәаны сыҧсы сызшьома, заҟа ус ҳамоу… - ҳәа илуамызт нанду лхазы аҧсшьарамшқәа алхра, еснагь аусура иашьцылоу, тәамҩахә змамкәа анхара усқәа ирҿу. Ус ауп ишыҟоу андуцәа, зхы-зҿы акыҷырақәа анылахьоу, знапқәа еиҟәыҷҷо, аха згәы ҭбаау, иразу, зылақәа унхыҧшылар, имариам аҧсҭазараатә мҩа ду ишанысхьо знубаало. Акыраамҭа ишылымуазгьы, иҳаулак ҳнанду ашьхарахь дҳаман ҳцеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуадҳара
Рицинский реликтовый национальный парк   - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Ауадҳара
 Аҭыҧ аҿы ҳаннеи: "Ҩынҩажәа шықәса ҵуеит абраҟа смааижьҭеи…" - лҳәан, уаҳагьы налзацымҵеит, ибганы игылоу аҧсшьарҭа ҩны аҭӡамцқәа лнапқәа еиҧхьышьшьаауа инахьшьуа. Лыблақәа нцәаакит, аха лылабжыш ламышьҭкәа иаанылкылеит. Саргьы ак лазҵаара саламгакәа, уи лгәалашәарақәеи лареи иааизынсыжьит. Аха "нанука, нанука" ҳәа илывагьежьуаз лмаҭацәа ируамызт, илыхан хәмарра дыргон, лгәалашәарақәа дрылхуа. Ари аргылара азааигәара иҟоу, уажәшьҭа иҿыц ргыларақәоу, анкьатәи зынӡаск еиҧшым ҧсшьарҭа ҩнык аҿы ҳаангылеит.
Сазыҧшын лгәалашәарақәа анцәырылго ҳәа. Сшымгәыӷӡозгьы, уахык, амца ҳадтәалан ҳахьҽҳарҧхоз, ацәажәара хацлыркит:
© Foto / предоставила Эсма Тодуа Ауадҳара, еилабгоу аԥсшьарҭа хыбра
Ауадхара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Ауадҳара, еилабгоу аԥсшьарҭа хыбра
"1979 шықәсазы акәын, 26-27 шықәса схыҵуан. Аусураҟынтәи "апутиовка" ҳарҭан ҳаарышьҭит. Гәдоуҭа ацәаӡахырҭатә зауад аҿы аус зуан. Усҟан аамҭақәа ҽакала иҟан. Цқьа исгәалашәом, аха, хҧа-ҧшьба еихагылара аманы иҟан. Џьара акрыфарҭа аман, џьара уҧсы ахьушьоз, акино ахьддырбоз хазы иаман… Аџьџьаҳәа ҳаицын. Иҭәын. Ауаа рыҧсы ршьон.Усҟан амҩақәагьы ас иҟаӡамызт, иаҳа ибзиан. Аригьы аибашьра иарбгазаап. Усҟан сара сыҟамызт, аха иақәшәаз ирҳәон, аибашьра иалагеит, ара шәыҩныҵроуп ҳәа зыҧсы зшьоз дәылыргарц ианалага, ихарымҵеит, ҳажәжьоит ҳәа ирыпҟеит. Аӡәгьы ихаиҵомызт аибашьра ҟалоит ҳәа. Заҟа аҽеиҭанакызеи, - ҳәа иџьалшьоит лара. – Иара ргылазар, шҧабзиаз", - ҳәагьы нацылҵоит, усҟантәи аамҭа лгәы шазцо мӡо, аха шьҭа идыргылогьы уаанӡатәи ишеиҧшымхо лгәы азҩо.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуадҳара аԥсшьрҭа ҭыԥ
Государственный пансионат Ауадхара - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Ауадҳара аԥсшьрҭа ҭыԥ
Досу иҿара ихатә гәалашәарақәа ацуп: раҧхьатәи ицәаныррақәа, иҩызцәеи иареи реицныҟәарақәа, рыҧсшьара. "Зҿара узымдыруа, иажәра уахымччан" ҳәа шырҳәо еиҧш, зегьы мҩак-мҩак ианысуеит, аӡәы даҽаӡәы диҧсахуеит ауп акәымзар. Зегьы збо, изыхьчо, зҽызымҧсахуа ашьхақәа заҵәык роуп. Урҭ ашьхақәа заҟаҩ рҿысхьоу здыруада… Араҟа даҽа ҭынчроуп, даҽа гәыбылроуп, доуҳароуп…
Ажәабжьқәа зегьы
0