Аԥснытәи аҽыҩ Ростов имҩаԥысуаз аицлабраҟны аԥхьахә ҭыԥ агеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСкачки на приз президента РФ - 2017
Скачки на приз президента РФ - 2017 - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2021
Анапаҵаҩра
"Ажәларқәа реиҩызара" аԥхьахә агаразы аҽырыҩра мҩаԥысит нанҳәа 29 рзы Ростов.
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Аԥснытәи аҽыҩ "Скай Лорд" аԥсахеит "Ажәларқәа реиҩызара" аԥхьахә ҭыԥ, ԥшьышықәса инреиҳаны изхыҵуа ашьацқьа злоу англыз хылҵшьҭра аҽқәа 3200 метра реиԥхныҩлараҿы. Абри атәы аарыцҳауит Аԥсны аҳәынҭқарратә аспорт еилакы.
Аҽыҩ аԥшәма "Леон" иордени "Ахьӡ-аԥша" аордени занашьоу Аслан Камкиа. Аҽыҩ дақәтәан аҽыбӷаҟаза Аидамир Шегушев.
Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз Аслан Камкиа иҩызцәеи иареи аиааира рыдныҳәало ирзеиӷьаишьеит аԥхьаҟа аиааира ҿыцқәа.
"Ажәларқәа реиҩызара" аԥхьахә агаразы аҽырыҩра мҩаԥысит нанҳәа 29 рзы Ростовтәи аҽырыҩрҭаҿы.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0