Цәыббра 1 инаркны Аҟәа ахәҭак алашара арцәара аамҭеихшара еиҭакуп

© Sputnik Лампочка
Лампочка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 28 азы Аԥсны иахьаҵанакуа уахынла алашара ҩба-ҩба сааҭ арцәара аамҭеихшара алагалан.
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Цәыббра 1 инаркны Аҟәа ахәҭак алашара арцәара аамҭеихшара еиҭакуп, ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
ИЕПиТ астанциа маҷ иаҵанакуа араионқәа рҿы цәыббра 1 инаркы алашара дырцәалоит 05:00 - 07:00 рзы. Уаанӡа алашара дырцәон асааҭ 01:00 - 03:00 рзы.
Убри аан макьана иазгәаҭам иарбан мҩақәоу ари аамҭаеихшара иаҵанакуа.
Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит рашәара 28 инаркны. Аамҭеихшара инақәыршәаны алашара дырцәоит уахынла ҩ-сааҭк.
Аамҭаеихшара инақәыршәаны Аԥсны агәы лашарада иаанхоит асааҭ 01:00 -03:00, мраҭашәаратәи ахәҭа - асааҭ 03:00 - 05:00, мрагыларатәи ахәҭа – асааҭ 05:00 - 07:00 рзы. Алашара дырцәоит акурорттә аамҭа аҭахрақәа азыԥхьагәаҭаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0