Аԥсны ашколқәа рҿы аҵарашықәс хацыркуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Первый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсны актәи акласс ахь ицоит 2056-ҩык ахәыҷқәа, зынӡа 28 нызқьҩык. Арҵаҩцәа ԥшьнызқьҩык ыҟоуп.
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны аҵарашықәс иалагеит цәыббра 1 азы. Ареспублика иахьаҵанакуа рышәқәа аадыртуеит 155 школ, урҭ рахьтә ҩба хатәы школқәоуп.
Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2021
Лиудмила Скорик: арҵаҩцәа алаҵа ҟарҵароуп
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит 2021 шықәсазы ашкол ахь раԥхьатәи ршьаҿақәа шеихырго 2056-ҩык ахәыҷқәа. Арзаҳалқәа цәыббра 15 аҟынӡа ирыдыркылалоит. 2021 шықәсазы ашкол ахь ицоит 28 нызқьҩык. Арҵаҩцәа ԥшьнызқьҩык ыҟоуп.
Аурокқәа ҵыԥх еиԥшымкәа сынтәа есыҽны имҩаԥыргалоит. Хымԥада ирықәныҟәоит ашәарҭадаратә ԥҟаррақәа. Акласс аҭбаара иалнаршозар ашахмат ҟазшьа аманы аҵаҩцәа дыртәоит. Арҵаҩцәа ирабыжьгоуп асабрадақәа рҿазарц, арзҩыдагақәа рхы иадырхәаларц. Асанитартә ҳақьым хада  Лиудмила Скорик ишылҳәахьоу ала, арҵаҩцәа алаҵаҟаҵара иахысроуп.
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра абжьгара ҟанаҵоит азеиԥш школтә цәаҳәақәа мҩаԥгамзарц, актәи акласаа рыда.
Аминистрра аҵаратә процесс амҩаԥысшьа хылаԥшра анаҭалоит, аԥсахрақәа оперативла  ирызхьаԥшлоит.  Акласс аҿы ичмазаҩу даарԥшхар акласс адыркуеит.
Ҵыԥхгьы аҵаратә процесс иалаган цәыббра 1 азы, аха нас аамҭа-аамҭала еиԥҟьеит аепидемиологиатә ҭыгылазаашьа иахҟьаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0