Урыстәылатәи амедикцәа "Литфонд" аҿы акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟарҵоит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25417-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21399-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 384-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла Афедералтә медико-биологиатә маҵзура хәыда-ԥсада апансионат "Литфонд" аҿы цәыббра 1 - 9 рыҩныҵҟа изҭаху алаҵа рзыҟарҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аобиект аиҳабы Анатоли Аҩӡба. 
Пожилых жителей Волгограда бесплатно отвозят на вакцинацию от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2021
Аԥсны зқьи аашәҩык инареиҳаны алаҵа "Спутник Лайт" ҟарҵеит нанҳәа 10 раахыс
Иара еиҭеиҳәеит алаҵа "Спутник Лайт"  500 доза апансионат ҳамҭас ишанаҭаз аконцерн "Росатом".
"Ари азҵаара ҳалацәажәахьан аконцерн "Росатом" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Џьумбер Тҟьебучааи ҳареи. Аԥхьа ҳусзуҩцәа рзы алаҵа ҳаҳәеит. Аконцерн алаҵа аахәаны иаҳзаанашьҭит", - ҳәа иҳәеит Аҩӡба.
Аусзуҩцәа рлаҵаҟаҵаразы 200 доза азхеит, иаашьҭын 500 доза, убри азы изҭаху алаҵа рзыҟарҵоит.
"Арахь иааит Москватәи аҳақьымцәагьы. Урҭ цәыббра 9 рҟынӡа изҭаху алаҵа рзыҟарҵалоит. Алаҵа роур рылшоит Гагреи Пицундеи инхо ауааԥсыра реиԥш изҭаху зегьы", - ҳәа иҳәеит иара.
Акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа аҟаҵаразы атәылауаҩшәҟәы умазароуп. Алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит есыҽны, асааҭ 10:00 - 13:00; 14:00 - 16:00 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0