Ажәаҩатәи атур ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат алагоит цәыббра 6 азы

© SputnikФутбольный мяч
Футбольный мяч  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2021
Анапаҵаҩра
"Саӡ" акоманда аиааирала ихыркәшахеит ажәеизатәи атур ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат.
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Цәыббра фба азы иалагоит ажәаҩатәи атур ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа.
Гәдоуҭатәи "Рица" ахатәы стадионаҿ иаднакылоит аҳҭнықалақьтәи акоманда "Динамо". Ахәмаррақәа алагоит 16:00 рзы Лев Ажьиба ихьӡ зху астадион аҟны.
Нанҳәа 31 рзы ихацыркхеит ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат 2021 шықәса. Ахәмаррақәа аҩбатәи атур мҩаԥсуеит ачымазара аҽацәыхьчаразы иалагалоу аԥкрақәа зегьы инарықәыршәаны. Ахәаԥшцәа астадионҿ инахараны еидтәалоуп.
Аԥсны ачемпионат иалахәуп аа-командак: "Саӡ" - Цандрыԥшь, "Гагра", "Афон", гәдоуҭатәи "Риҵа", аҟәатәиқәа "Динамои" "Нарҭи", "Самырзаҟан" - Гал, "Шахтер" Тҟәарчал.
Ачемпионат ахәмаррақәа ахәаԥшра ҟалоит ишиашоу ицо аефир ала аканал "Система спорт", "Аԥсуа телехәаԥшра" иара убас Афедерациа асоциалтә ҳаҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0