Амшынеиқәатә флот армаҵзурауаа Тҟәарчалтәи аобиектқәа арзҩыдара иахрыжьит

© Foto / МЧС РА Российские военные совместно с сотрудниками ПСЧ г. Ткуарчал провели дезинфекцию территорий рынка
Российские военные совместно с сотрудниками ПСЧ г. Ткуарчал провели дезинфекцию территорий рынка - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, асанитар- епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәраз ацхыраара аҟаҵаразы.
АҞӘА, цәыббра 8 -  Sputnik. Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа аҟазауааи Тҟәарчал амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәеи арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит аџьармыкьа хадеи араионтә хәышәтәырҭеи рҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Уаанӡа арзҩыдарақәа мҩаԥган Гәдоуҭеи (120 000 метр ԥшьыркца), Гагреи (40 000 метр ԥшьыркца), Аҟәеи: ахәшәтәырҭақәа, арранаԥхьаратә ҭыԥқәа, Аԥсны атәылахьчара аминистрра архив, аџьармыкьа хадақәа уҳәа егьырҭ аргыларақәеи ахыбрақәеи рҿы.
Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, асанитар- епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәраз ацхыраара аҟаҵаразы.
© Foto / МЧС РА Российские военные совместно с сотрудниками ПСЧ г. Ткуарчал провели дезинфекцию территорий рынка
Российские военные совместно с сотрудниками ПСЧ г. Ткуарчал провели дезинфекцию территорий рынка - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Российские военные совместно с сотрудниками ПСЧ г. Ткуарчал провели дезинфекцию территорий рынка
10 автомашьынаки 30-ҩык аҟазауааи, астанциақәа АРС-14М, арԥхага машьынақәа ТМС-65У, автономтә хархәагақәа, адезактивациеи адезинфекциеи ртехника ДКВ-1К рыла еиҿкаау Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа реишьҭагыла Ҟрымтәи адгьылбжьахаҟынтәи Аԥсныҟа иааит. Аладатәи Арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны аҟазауааи рыцырхырааны асоциалтә хыбрақәа аус рыдырулалоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0