Аҟәа ауааԥсыра миллионки быжьшә нызқьи еидкыланы Агәабзиарахьчара аминистрра иарҭеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанкноты номиналом 2000 рублей.
Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25716-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21760-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 388-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аҟәа ауааԥсыра миллионки 724 нызқь мааҭ еизганы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иарҭеит акоронавирустә чымазара аҿагыларазы. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
Арҭ аԥарақәа реиҳарак аужьхоит ахәшәқәа раахәареи Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭазы ахархәагақәа раахәареи.
Очамчыратәии Тҟәарчалтәии ахәышәтәырҭақәа 200-200 нызқьмааҭ рзынашьҭхоит. Аҟәатәи амбулатортә центргьы атранспорт ҷыда аахәаразы ацхыраара аҭахоит.
Аминистрра ари аԥшьгамҭа даара иҭабуп ҳәа ахнаҳәаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0