Афон Ҿыц ПЦР-тестқәа ахьарҭо аҭыԥ аадыртит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Анапаҵаҩра
Зынӡа ареспубликаҿы аус руеит ПЦР-диагностика ахьымҩаԥырго жәа-ҭыԥк.
АҞӘА, цәыббра 10– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ПЦР-тестқәа ахьарҭо аҭыԥ аадыртит Афон Ҿыцтәи ахәшәтәырҭаҿы ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра Facebook ахатәы даҟьаҿы.
Абдулмеджид Магомедов - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Урыстәылатәи амобильтә агоспиталь ахада Аԥсны русура шеиҿкаау далацәажәеит
Уажәшьҭарнахыс COVID-19 змоу ҳәа зхы зшьо ирылшоит арахь иааины анализқәа арҭарц.
ПЦР-тестқәа ахьарҭо аҭыԥ аартра далахәын аминистр Едуард Быҭәба.
"Едуард Быҭәба дымҩаԥигон ақалақь ахада Ҭемыр Оҭырба. Аминистри ахәшәтәырҭа анапхгареи аусутә зҵаарақәа ирылацәажәеит, ақалақь ауааԥсыра рзы амедицинатә цхыраара аиӷьтәразы ажәалагалақәа ирзыӡырҩит", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Зынӡа ареспубликаҿы аус руеит ПЦР-диагностика ахьымҩаԥырго жәа-ҭыԥк.
Очамчыреи Гагреи араионтә хәшәтәырҭақәа рҿы анализ рыдыркылоит, егьырҭ Аҟәатәи абактериологиатә лабораториахь инарышьҭуеит.
Аҟәа – аҿкчымазаратәи ахәыҷтәыи хәшәтәырҭақәа рҿы, Араион ҿыц аҟны, Очамчыра, Гагра, Тҟәарчал, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы, Гал СЕС ахыбраҿ, Афон Ҿыц ақалақьтә хәшәтәырҭаҿ.
Ажәабжьқәа зегьы
0