Апандемиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит Гәдоуҭа араион аҿы

© Foto / facebook / Министерство здравоохранения Республики АбхазияМинистр здравоохранения Эдуард Бутба провел в Администрации Гудаутского района выездное совещание Оперативного штаба по защите населения от коронавирусной инфекции.
Министр здравоохранения Эдуард Бутба провел в Администрации Гудаутского района выездное совещание Оперативного штаба по защите населения от коронавирусной инфекции.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵасижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25920-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21780-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 391-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭа араион ахадараҿы аоперативтә штаб аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла иахьазы коронавирустә инфекциа ареспубликаҿ алаҵәара ахылаԥшра ауҭартә иҟоуп.
Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иазгәалҭеит COVID-19 маҷк ишьақәтәо ишалагаз.
Акоронавируси ахәыҷқәеи
Лиудмила Скорик инаҵшьны иазгәалҭеит аҵарашықәс иалагазар ичмазаҩхахьоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара шмаҷу.
Сезонный рост заболеваемости гриппом и ОРВИ в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2021
Аҭҵаарақәа акоронавирус ахәыҷқәа ишырхырго аадырԥшит
"Аҵара аҟәшақәеи ҳареи ҳаимадоуп. Аҵараиурҭақәа ҳарҭааны игәаҳҭоит рсанитартә ҭагылазаашьа", - лҳәеит Лиудмила Скорик.
Лара лгәаанагарала иӡбтәуп ахәыҷқәа ирзыԥшны еилагылоу аҭаацәа рызҵаара. Урҭ шамахамзар асабрадақәа рҿам, асоциалтә дистанциа иқәныҟәом.
Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа иҳәеит ахәыҷқәа рыбжьара COVID-19 шмаҷхаз.
Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла 130 амбулатортә чымазцәа амедусҳәарҭахь ишыдҵаалоз, аиҳараҩык ротавирустә инфекциа рыманы. Ирацәаҩын атуристцәагьы.
ПЦР-лабораториақәа
Аоперштаб аилатәараҿы аминистр изеиҭарҳәеит Очамчыратәи СЕС аҿы ПЦР-лабораториа еиԥҟьарада аус шауа. Аҟазауаа ирымоуп алшара мышкы ахы аҵыхәала 100 ҭҵаарак рымҩаԥгара. Абри арежим ала аус ауеит ПЦР-лабораториа Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы.
Гагреи Очамчыреи алабараториақәа 250 рҟынӡа ҭҵаара мҩаԥыргоит ҳәа иҳәеит асанитартә ҳақьым хада лхаҭыԥуаҩ Астан Аҩӡба.
Цәыббра 9 азы Афон ҿыцтәи ахәышәтәырҭаҿы иаадыртит ПЦР-тестқәа рыҭарҭа аҭыԥ.
Зынӡа а республикаҿы ПЦР-ҭҵаара мҩаԥыргоит жәа-ҭыԥк рҿы.
Амедусҳәарҭақәа реиқәшәара
Ахра Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Арадио
Аџьба еиҭеиҳәеит аковид-хәшәтәырҭақәа хәшәла реиқәыршәара аус шеиҿкаау атәы
Иааиуа амчыбжь азы Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп 50 ҭоԥ "Артлегиеи" 30 ҭоԥ "Актемреи" ҳәа иҳәеит аминистрра афармациатә ҟәша аиҳабы Ахра Аџьба. Иара иҳәеит ахәышәтәырҭақәа хәшәыла еишеибыҭо.
Аминистр аиҳабыра рахь аҳәара ҟаиҵеит агоспиталь азы аҽа генераторк аархәарц.
Аилацәажәара алкаақәа рыла Едуард Быҭәба анапынҵа ҟаиҵеит:
  • Уаанӡа аковид амедусҳәарҭақәа рҿы аус зымуц аҳақьымцәеи амедеҳәшьцәеи азыҟарҵарц,
  • Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи еиҳа лассы-лассы авидеоконференциақәа мҩаԥыргаларц,
  • Урыстәылатәи рколлегацәа аԥышәа рымдаразы иаарыԥхьаларц,
  • акоронавирустә чымазцәа рыхәшәтәра апротоколқәа дырҿыцырц,
  • амбулатортә чымазцәа ирырҭо ахәшәқәа ахылаԥшра рырҭаларц,
  • амедицинатә коллеџь астудентцәа апрактикахь инашьҭызарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0