Иблахкыгоу "Аԥсуа иашҭа": Бзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу, ҳқьабзқәа ӡырызго амузеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазский двор в Бзыбьском ущелье - Мурман Пкин
Абхазский двор в Бзыбьском ущелье - Мурман Пкин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2021
Анапаҵаҩра
"Аԥсуа иашҭа" - аԥсуаа ҳҵас, ҳқьабз аӡыргара хықәкыс иамоуп Бзыԥҭатәи ақьафурҭа аҩнуҵаҟа еиҿкаау амузеи. Арахь иааиуа асасцәа ҳафатә анаҩсгьы иддырбоит аԥсуа инхашәа-чашәара.
Бзыԥҭатәи аҩхааҿ еиҿкаау ақьафурҭа "Аԥсуа иашҭа" даара иблахкыгоуп, даҽа крыфарҭак иузадкылом, избанзар араҟа еиҿкаауп аԥсуа иҵас-иқьабз ӡырызго иаарту амузеи.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik  
"Аԥсуа иашҭа" уанынҭалалак, иаразнак улаԥш нарықәшәоит жәытәнатә аахыс хҵас-ҳқьабз шьаҭас иамоу, иахьа ажәытәра иагарц згәы иҭоу, аха уи еиқәырханы, еиҷаҳаны иӡыргоу аԥсуаа ажәытә рынхаратә мыругақәа. Иарбан мчу иргәазырԥхаз ас еиԥш "Аԥсуа иашҭа" аиҿкаара, абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит аԥшәмацәа ируаӡәку Мурман Ԥкьын.
© Sputnik / Томас ТхайцукБзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ақьафурҭа "Аԥсуа иашҭа" аԥшәма Мурман ԤкьынИара иажәақәа рыла, хықәкы хадас рҿаԥхьа идыргылаз, даҽа милаҭк ҳрылазмырҩашьо ҳкультура абеиара атәым милаҭқәа деилыркаара ауп. "Раԥхьаӡа ас еиԥш аҟаҵара зхаҿы иааиз саҳәшьаԥацәа Димеи Баҭали Кәакәасқьыраа роуп. Иҳаӡбеит акрыфарҭа "Аԥсуа иашҭа" ахьӡаҳҵарц. Ас еиԥш аԥсуа хьӡы анаиу, иаҳҭаххеит уи иашьашәалоу, ианаало ала ашҭа арԥшӡара, ҳмилаҭ цәа зыҟәну, ҳҵас-ҳқьабз атәы зҳәо асасцәа дырбара, деилыркаара" - ҳәа иҳәеит Мурман.
Абхазский двор в Бзыбьском ущелье - Мурман Пкин - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ақьафурҭа "Аԥсуа иашҭа" аԥшәма Мурман ԤкьынИара иажәақәа рыла, хықәкы хадас рҿаԥхьа идыргылаз, даҽа милаҭк ҳрылазмырҩашьо ҳкультура абеиара атәым милаҭқәа деилыркаара ауп. "Раԥхьаӡа ас еиԥш аҟаҵара зхаҿы иааиз саҳәшьаԥацәа Димеи Баҭали Кәакәасқьыраа роуп. Иҳаӡбеит акрыфарҭа "Аԥсуа иашҭа" ахьӡаҳҵарц. Ас еиԥш аԥсуа хьӡы анаиу, иаҳҭаххеит уи иашьашәалоу, ианаало ала ашҭа арԥшӡара, ҳмилаҭ цәа зыҟәну, ҳҵас-ҳқьабз атәы зҳәо асасцәа дырбара, деилыркаара" - ҳәа иҳәеит Мурман.
© Sputnik / Томас ТхайцукБзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ҳқьабзқәа ӡырзго амузеи
Абхазский двор в Бзыбьском ущелье - Мурман Пкин - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ҳқьабзқәа ӡырзго амузеи
"Аԥсуа иашҭа" уанынҭалалак, иаразнак улаԥш нарықәшәоит жәытәнатә аахыс аԥсуаа рхы иадырхәоз амаҭәарқәа. Араҟа иҟоуп анхашәа-чашәа, абзазаратә мыругақәа, ачысмаҭәа уҳәа амаҭәарқәа рацәаны. Иара убас, акәаскьа инаркны акәытҵара аҟынӡа аԥсуаа ирызгылаз ахыбрақәа зегьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукБзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ҳқьабзқәа ӡырзго амузеи
Абхазский двор в Бзыбьском ущелье - Мурман Пкин - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ҳқьабзқәа ӡырзго амузеи
Анаҩс иубоит ауардын, ауардын - аԥсуа ибзазараҿ даара ицхыраагӡа дуун. Иара змамыз ԥсыуа ҭаацәарак ыҟаӡамызт. Аџьықәреи, амҿы, ажь зҳәаз еиԥш иахьа машьынада ауаҩы дышхәарҭам еиԥш, аԥсуа нхаҩы уардында акагьы изыҟаҵомызт. Иара убас уаҟа ихшьуп акалаҭ хәыҷқәа, амҵәышә хәыҷқәа, ачана настхашэа игылоуп. Ажәытә мыругақәа аԥшәмацәа абиԥарала еиқәырханы иааргаз роуп, иҟоуп иаархәазгьы.
"Аҽхырԥарҭаҿ ихшьу акьахь саб инапкымҭоуп, уи шьҭа 40-45 шықәса ахыҵуеит. Ижәбо ауардынгьы саб инапала иҟаиҵаз ауп. Еиуеиԥшым амаҭәарқәа, ауаткаршыга, ақәаб, хатәгәаԥхарала иҳазҭаз ыҟоуп, убас иааҳхәақәазгьы маҷым,"- ҳәа иҳәоит аԥшәма.
© Sputnik / Томас ТхайцукБзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ҳқьабзқәа ӡырзго амузеи
Абхазский двор в Бзыбьском ущелье - Мурман Пкин - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ҳқьабзқәа ӡырзго амузеи
Мурман изыҳәаны ари зегьы гәалашәароуп, иарбан маҭәарзаалакгьы ихәыҷра, иқәыԥшра ашықәсқәа игәаланаршәоит.
"Сара сзыҳәан арҭ зегьы хҭыс-хҭыск ирыдҳәалоуп. Ауардын санахәаԥшуа исгәалашәоит шаҟантә сашьцәеи сареи уардынла ҳныҟәахьаз. Исгәалашәоит, ҽнак сашьеи сареи ҳаб ҳицны мҿаагара ҳцеит. Ҳаб иҳаиҳәеит ауардын ахьаанкылатәыз аҭыԥ, аха ҳара ҳамӡырҩра иахҟьаны ԥхьаҟа ҳандәықәла, ҳуардын ҳцәааҳәит, амҩақәа ҽеиӡамызт, иҿыбгаран. Ажәакала, ҭаацәара дук ҳҭоурых ауп сара сзын абри ижәбо ауардын", - ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Мурман.
"Аԥсуа иашҭа " аҩнуҵҟа имҩаԥыргоит аныҟәарақәа. Мурман асасцәа ирҭаауа ирзеиҭеиҳәоит, иарбан маҭәарзаалак иамоу аҵакы атәы, уи рхы ишадырхәоз ҳабацәа, ҳабдуцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукБзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ҳқьабзқәа ӡырзго амузеи
Абхазский двор в Бзыбьском ущелье - Мурман Пкин - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу ҳқьабзқәа ӡырзго амузеи
"Аныҟәарақәа мҩаԥызгоижьҭеи, сара дсықәымшәацт азҿлымҳара аазмырԥшыз аӡәы. Даара интересс икны иазыӡырҩуеит иазҵаауеит амаҭәарқәа закәу, излыху, шаҟа шықәса рхыҵуа", - ҳәа иҳәоит Мурман.
Акрыфарҭа акәша-мыкәша даара иԥшӡарҭоуп, аӡы ахьхьаҳәа имҩасуеит, ахра иаҿагылоу аҵла дуқәа иасуа аԥша еимнадоит. Атәарҭақәа аӡы ихгылоуп, уаантәи уаныԥшуа зынӡа алакә тәылаҿ саама уҳәо аҟынӡа унеиуеит. Ари ақьафурҭа ӡынгьы-ԥхынгьы асасцәа рыла иҭәуп. Еиҳараӡак аӡын асы анлеиуа иблахкыгоуп рҳәоит аԥшәмацәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0