Аҟәа ахада аепидемиатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа апандемиа иалагазар Аҟәа ачымазара рыхьхьеит 10 249-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аепидемиатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2021
Аҵара аминистрра Аԥсны ашколқәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит
Акоронавируснтә инфекциа апандемиа иалагазар Аҟәа  ачымазара рыхьхьеит 10 249-ҩык ҳәа  лҳәеит аилатәараҿы аҳҭнықалақь ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа. Лара илымоу аинформациала, иахьазы 363-ҩык чмазаҩуп, ргәы бзиахеит 9 460-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 163-ҩык.
Лара илҳәеит ахәыҷтәы поликлиника аковид-кабинет аҿы нанҳәамзазы 475-ҩык рыдыркылеит, 311-ҩык ПЦР-анализ рымырхит, адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп 74-ҩык ҳәа.
Хазы иалацәажәан алаҵаҟаҵара амҩаԥысшьа. Алаҵаҟаҵаратә кампаниа мҩаԥысуеит актәии ахԥатәии аполиклиникақәа рҿы, ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа, араионтә поликлиника, аполиклиника "Морпорт" рҿы.
Воуԥҳа лажәақәа рыла "Спутник V" ала алаҵаҟаҵараан еиҳа активла ауаа рхы мҩаԥыргон. Цәыббра 14 азтәи адыррақәа рыла "Спутник-Лайт" ҟарҵахьеит 1119-ҩык.
Аполиклиника №1 аиҳабы Лиана Амԥарԥҳа лажәаәқа рыла, аԥхьа мышкала 60-ҩык алаҵа ҟарҵозҭгьы, уажәы – жәаҩык роуп.
Вакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Агәабзиара ашәарҭара иҭаргылатәым: аҟазауаҩ COVID-19 аҟынтә алаҵа хра шамоу иҳәеит
"Ауааԥсыра аус рыдулалатәуп. Иреилыркаатәуп алаҵа аҭҵаара ишахыжьу. Дарбанызаалак аӡәы алаҵа ашьҭахь игәабзиара шьақәҟьеит ҳәа адырра ҳамам", - ҳәа лҳәеит Лиана Амԥарԥҳа.
Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа аҳақьым еиҳабы Асҭамур Гәниа иазгәеиҭеит уажәтәи ауаа рыдҵаалара еиҳа еиҵазтәыз арратә госпитальгьы аартроуп, апандемиа акәымкәа ҳәа, иагьиҳәеит  аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аепидемҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп ҳәа.
Аилацәажәараҿы Ешба иҳәеит аџьармыкьақәа рҿы ахылаԥшра шырӷәӷәатәу, аграфик алагалара аҭаххар шауа.
Ақалақь ахадара иагәиҭоуп Апарламент ахь административтә еилагарақәа рзы Азакәкәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара апроект. Уи инақәыршәаны асанитар-епидемиологиатә нормақәа реилагаразы ахараԥсатә санкциақәа разгәаҭара аурц.
Ажәабжьқәа зегьы
0