Агәабзиарахьчарра аминистрра ахәшьара арҭеит атәыла аҩнуҵаҟа COVID-19 аҭагылазаашьа азы

© Sputnik / Марианна КубраваМинздрав Абхазии
Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахәшәтәырҭақәа рыҟны аҿкчымазара зыхьны зҽызыхәшәтәуа иахьатәи аамҭазы 165-ҩык ыҟоуп.
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Ахәаша цәыббра 17 рзы, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аусбарҭа апресс- маҵзура есыҽны иеиҭо аинтервиу аҟны дазааҭгылеит атәылаҟны аепидемиологитә ҭагылазаашьа атәы.
В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2021
Аҵара аминистрра Аԥсны ашколқәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит
"Аепидемиологитә ҭагылазаашьа цәгьоуп, аха ахылаԥшра амоуп. Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа рыҟны аҿкчымазара зыхьны зҽызыхәшәтәуа иахьатәи аамҭазы 165-ҩык ыҟоуп. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 28-ҩык.  Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы - 28-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык, Очамчыра ирхәышәтәуеит - 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 67-ҩык.
Иара убасгьы аминистр иазгәеиҭеит атәыла ахәшәтәырҭақәа зегь рыҟны ишымҩаԥырго асанитартә усмҩаԥгатәқәа.
Аҵарашықәс ҿыц алагамҭаз аҿкчымазара аизҳара атәы дазааҭгыло аминистр иҳәеит, ашколқәак рыҟны ачымазара зыхьыз шыҟоу, аҵаҩцәа реиԥш арҵаҩцәагьы.
"Арҭ аклассқәа ахыԥхьакра ишьҭуп, арҵаҩцәагьы хыԥхьакра иҟоуп, ҳара ҳсанитар-епидемиологиатә усбарҭа хылаԥшра арҭоит, аимадара рыбжьоуп аҵара аминистарреи дареи. Есыҽны ашколқәа рыҟны ачымазара зыхьызи ахыԥхьакра ицаз ахәыҷкәеи арҵаҩцәеи рхыԥхьаӡара ҳзаарҭиуеит", - иҳәеит Быҭәба.
Агәабзиарахьчара аминистр атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵоит, аҿкчымазара аанкыларазы иахәҭоу ахыхчаратә усмҩаԥгатәқәа ирықәнаҟәарц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0