Аԥсны урыстәылауаа абҵарамзазтәи аԥсшьарамшқәа рзы иалырхуа аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп

© Sputnik / Акоп Кущян Сухум с коптера
Сухум с коптера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2021
Анапаҵаҩра
Абҵарамзазтәи аԥсшьарамшқәа рзы атуристцәа иалырхуа аамҭакьаҿла иахьыԥыруа ҭыԥқәоуп Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Венгриа, Аԥсны, ЕАЕ.
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Урыстәылауаа абҵарамзазтәи рыԥсшьарамшқәа рхыгара ргәы иҭоуп Аԥсны, Ҭырқәтәыла ЕАЕ, Мысра мамзаргьы Урыстәыла аҩнуҵаҟа. Аха макьана  заанаҵтәи аҿаҵарақәа ирыламгаӡацт ҳәа рыҩуеит РИА Новости атурусбарҭақәа рхаҭарнакцәа шьаҭас иҟаҵаны.
 Anex Tour аҟны ишазгәарҭаз ала, абҵарамзазтәи аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рзы атуристцәа иалырхуа ҭыԥқәоуп аамҭакьаҿла иахьыԥыруа Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Венгриа, Аԥсны ЕАЕ.
Аԥсны ԥшьаха-ԥшьымш 3* змоу асасирҭақәа рыҟны рыхәқәа 48 нызықь мааҭ инадыркны иаԥсоуп. 
Абҵара 4 инаркны Ҭырқәтәыла ҩыџьа ԥшьаха-ԥшьымш 5* змоу асасирҭақәа рҿы зегьы уахь иналаҵаны (рыкрыфара, рымҩа) 44 нызқь мааҭ инаркны. Мысра - 104 нызқь мааҭ инаркны. ЕОЕ - 105 нызқь мааҭ. Венгриа 3* змоу асасирҭаҿы ԥшьаха иаԥсоуп 117 нызқь инаркны.
Level.Travel апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит, абҵарамзазтәи аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рзы аԥсшьара ицар зҭаху рхыԥхьаӡара акыр ишеиҳау 2019 шықәа иаҿурԥшозар.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
  • Аԥсны амшынеиқәа иаԥну аԥсшьарҭаҭыԥқәа ӡегь раасҭа ахә ахьымариоу ҳәа  иалыркааит
Ажәабжьқәа зегьы
0