Аԥсны иаатит апарашиуттә спорт азы аицлабрақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукCоревнования по парашютному спорту открылись в Абхазии
Cоревнования по парашютному спорту открылись в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2021
Анапаҵаҩра
Апарашиуттә спорт азы Асовет Еидгыла аветеранцәеи, аибашьратә хҭысқәа рветеранцәеи, Урыстәыла аҳаиртә парашиутистцәеи рыбжьара ҩажәи хԥантәуп аицлабрақәа мҩаԥысуеижьҭеи.
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Бабышьра аҳаир баӷәазаҿ асабша цәыббра 18 рзы иаатыит жәларбжьаратәи апарашиуттә спорт азы аицлабрақәа.
Аицлабра иалахәыз гхада зықьметра ажәҩан аҟынтәи адгьыл аҟны ииашаны итәар акәын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иаатит апарашиуттә спорт азы аицлабрақәа"Иахьатәи аицлабрақәа ирылаҳәуп 50-ҩык инарзынаԥшуа Урыстәыла, Белоруссиа, Казахстан рҟынтәи апарашутистцәа.  Молдавиантә асасцәа ҳарзыԥшын, аха апандемиа иахҟьаны изымааит", - иҳәеит аӡбаҩ хада Анатоли Сырныч.
Cоревнования по парашютному спорту открылись в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аԥсны иаатит апарашиуттә спорт азы аицлабрақәа"Иахьатәи аицлабрақәа ирылаҳәуп 50-ҩык инарзынаԥшуа Урыстәыла, Белоруссиа, Казахстан рҟынтәи апарашутистцәа.  Молдавиантә асасцәа ҳарзыԥшын, аха апандемиа иахҟьаны изымааит", - иҳәеит аӡбаҩ хада Анатоли Сырныч.
Цәыббра 21 рзы Аҟәа ақалақь Аиааира ашҭаҿ имҩаԥгахоит ачемпионат ахыркәшара.
"Афинал аҟны иқәгылоит зегь иреиӷьхо апарашиутистцәа. Зынӡа х-хәҭакны еихшахоит. Амшқәа бзиахар аԥара азгәаҭоуп Тҟәарчал", - ҳәа азгәеиҭеит аӡбаҩ хада.
Сынтәа ари аицлабра раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәуеит Аԥсны еиҿкаау акоманда, уи ӡырнагоит ҩышықәса раԥхьа еиҿкааз аекстремалтә клуб "Skycom”
"Хәҩык рыла ишьақәгылоу Аԥснытәи акоманда еиҿаҳкааит сынтәа раԥхьаӡакәны", - ҳәа азгәеиҭоит аклуб анапхгаҩы Адреи Орлов.
Аԥснытәи акоманда акапитан Светлана Илина илҳәеит, ачемпионат аҟны Аԥсны раԥхьаӡакәны ишалахәхо, убри аҟнытә рҭакԥхықәрагь шыҳараку. Аспортсменцәа рақәзар ирылшо зегь шыҟарҵо алҵшәа бзиақәа аарԥшразы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иаатит апарашиуттә спорт азы аицлабрақәа
Cоревнования по парашютному спорту открылись в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аԥсны иаатит апарашиуттә спорт азы аицлабрақәа
Аицлабыҩцәа рыбжьара раԥхьатәи алҵшәа бзиа аалырԥшит "Сибирь" акоманда алахәыла Елена Тарасова.
"Сара 1985 шықәса раахыс апарашиуттә спорт сҽазыҟасҵоит. Аԥсныҟа есышықәса саауеит, аицлабрақәа зегьы срылахәуп. Иахьа амш бзиа иаҳнаҭеит алшара ҳхы бзианы аарԥшра", -ҳәа лҳәоит лара.
Аицлабра актәи амш азы акомандақәа зегьы хәынтә-хәынтә зықьметра иԥароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0