Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны шьыбжьонӡа шаҟаҩы абжьыҭара инеиз шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГолосование на выборах в Госдуму России в Гудауте
Голосование на выборах в Госдуму России в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа асааҭ ааба рзы алхарҭатә ҭыԥқәа жәба аадыртит. Иадыркуеит асааҭ 20:00 рзы.
АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа иаадыртыз алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы цәыббра 19 асааҭ 12:00 рзы рыбжьы арҭахьан 4387-ҩык алхыҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу  Урыстәыла  Ацҳаражәҳәарҭа.
Аслан Бжания проголосовал на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥигеит
Мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартуп Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Рыбжьқәа арҭахьеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аԥыза-министр Александр Анқәаби.
Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа  жәба рыҟны рышәқәа аартуп асааҭ 20:00 рҟынӡа.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0