Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҟәшақәак еиҭашьақәыргылахоит

© Sputnik Гагрская районная больница
Гагрская районная больница - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Анапаҵаҩра
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа акабинетқәеи ареанимациатә ҟәшеи еиҭашьақәыргылахоит аҭыԥантәи анаплакҩцәа рыцхыраареи араионтә биуџьет иазаунажьуа аԥаралеи.
АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа акабинетқәеи ареанимациатә ҟәшеи рҟны аиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит, ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
Иара иҳәеит аусурақәа рзы ишаҭаху х-миллионки 200 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥара. Урҭ рҟынтәи миллионки 600 нызқь мааҭ аҭыԥантәи анаплакыҩцәеи ахатәхаҿқәеи иршәоит.
"Араион анаплакҩцәа рахь аҳәара ҟаҳҵеит. 12-ҩык уи ақәҿырҭит. Ахәшәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәо избарц зҭаху ауааԥсырагьы аганахь имгылеит. Миллионки 683 нызқьмааҭ наҳххьеит, еиҭах иаҭахуп миллионки 700 нызқь мааҭ. Уи араионтә биуџьет аҟынтә акәхар ҟалоит". - ҳәа иҳәеит Барцыц.
Барцыц иҳәеит аусурақәа жьҭаара 10 азынӡа ихыркәшахап ҳәа ишгәыӷуа, анаҩс аԥҟаратә ҟәша аиҭашьақәыргыларахь ииасуеит.
"Аҩнуҵҟатәи аусурақәа рацәак аанымхеит. Ареанимациаҿы иԥсахын афымцатә цәаҳәақәа, асантехника, ишьҭаҵан 700 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс. Иара убасгьы аппарат УЗИ ахьгылоу акабинет, ахәыҷтәы кабинет рҿы аусурақәа мҩаԥгахоит". - ҳәа иҳәеит иара.
Тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Скорик Аԥсны араионқәа рҿы ПЦР-лабораториа ҿыцқәа русушьа атәы лҳәеит
Мызкы аԥхьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган амолекулиартә лабораториаҿ. Уи иаҭаххеит ԥшь-миллионки 100 нызқь мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа. Алабораториаз амыругақәа атәыла аиҳабыра иаархәеит.
Хә-миллионки 800 нызқь мааҭ ахҭынҵоуп араионтә хәшәтәырҭаз ареанимациатә автомобиль. Барцыц иҳәеит ари автомабиль шеиқәыршәоу: адефибриллиатор, акардиограф, аҵәыҵәри баллонқәа рыла.
Цәыббрамза алагамҭазы ара иаздырхиеит акоронавирустә инфекциа змоу рзы 50 иара ахьыҟоу астационар. Ара аҵәыҵәри ишиашоу инеиуа иҟаҵоуп. Уи иақәхарџьуп миллионки 800 нызқь мааҭ аԥара.
Ажәабжьқәа зегьы
0