Очамчыра араион ақыҭақәа рҿы ицәырҵит ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо

Золотистая бронзовка - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны аҳәынҭқарратә инспекциа абжьгарақәа ҟанаҵеит ҿыц ицәырҵыз ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо аԥырҟәҟәаразы.
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа иаԥырхагоу амаҵа рбеит Очамчыра араион ҩ-қыҭак рҿы, ҳәа аанацҳауеит Аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны аҳәынҭқарратә инспекциа.
Аинспекциа афитосанитартә лабораториа адыррақәа рыла ирбаз амаҵа "ахьыԥшшәыла џьазырк" ахьӡуп. Иара аԥшхәыҵәқәа ԥхасҭанатәуеит.
Анзор Вартагава - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Вартагаа Аԥсны ахәаҷа-маҷақәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иазкны
Аекспертцәа ишырҳәо ала уахынла ари амаҵа анышә иҵоуп, ҽынла ицәырҵны аџьықәреи афоит.
Убри азы иара анырҵәаразы ахәшәыркра мҩаԥгалатәуп уахынла.
"Ааԥын, алаҵара аамҭазы адгьыл жны абарҭ ахәшәқәа рыла ихәшәырктәуп: "Конфидор", "Актеллик", "Экстра". Аџьықәреи ангылалак ашьапқәа хәшәтәтәуп хә-сантиметрак аҟынҵа иҵаҵаны", - ҳәа аҳәоит аинспекциа абжьгараҿы.
"Ахьыԥшшәыла џьазырк" амҵәыжәҩа змоу маҵоуп. Аура 23 миллиметра иҟоуп. Аиҳарак абнараҿы ауп иахьыҟоу, аха амхы абнара ааигәара иҟазар аџьықәреи ахь ииасуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0