Аҵараҵара амҩала арепатриантцәа Аԥсны аԥсҭазаара рагәылахалара заҭаху азҵааразы арадио Sputnik аҟны лгәаанагара лҳәеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.
Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ Енгин Ебжьноу арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит Аԥсныҟа нхара аара, араатәи аԥсҭазаара аҽаршьцылара аҿарацәа шракәу иаҳа иззыманшәалоу.
Ҭырқәтәыла, Зонгәылдак ақалақь аҟны раԥхьаӡа акәны иаадыртит аԥсуаа рхеидкыла. Уи аиҿкаашьеи аартреи ртәы иазааҭгылоит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиеи Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысбеи.
Аԥсуаа лассы-лассы ҳцәажәараҿы "Жәҩангәашәԥхьара убааит", "Жәҩангәашәԥхьара ибеит", "Жәҩангәашәԥхьара изаҩызахеит" ҳҳәоит. Арҭ ажәақәа ҵакыс ирымоу атәы ҳадылгалоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аԥсныҟа аԥсшьаҩцәа хымз ракәымкәа, ашықәс зегьы иаҭаауа аҟаҵаразы ихымԥадатәины иҟазароуп ҳәа ишиԥхьаӡо.
Ԥхынгәы 12 рзы Алхратә комиссиа хадаҿы имҩаԥган аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа 5-ҩык алингвистикатә комиссиа рахыжьра. Уи иалахәыз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа акандидатцәа рбызшәатә культура ахьынӡанеиуа еилылкаауан. Ишәыдаагалоит иҳазлырхиаз аматериал.
Цандрыԥшь аҳабла ахада Бадри Ԥлиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, аҳабла иаҭаауа акыр еиҳахарц иҟаҵатәу ҳәа ииԥхьаӡо.
Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада, абокси, ақәԥареи, атлетика хьанҭеи рзы Ареспубликатә школ адиректор Альберт Карди-оӷлы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит абоксиор қәыԥшцәа рԥеиԥш иазеиӷьу аҳәаанырцәтәи ашколқәа шракәу.
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа иазгәалҭеит аԥышәарақәа рылҵшәақәа ишыддырбаз иаԥсыуам ашколқәа рзы арҵаратә методика аԥсахрақәа ралагалара шаҭаху.
Ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аколлегиа изаамҭанытәу аилатәара. Уа иҟаҵан иаҳхысыз аҵарашықәс аихшьаалақәа, иара убас ҩ-проектк рышьақәырӷәӷәаразы аколлегиа иадгалан.
Ареитинг шьақәыргылан 2013—2018шш. рызтәи аушьҭымҭацәа рыбжьаратә уалафахәы инақәыршәаны.
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба ашықәсазтәи русура аҳасабрба иазкыз аминистрра аилатәараҟны иазгәеиҭеит школқәак рҟны аҭагылазаашьа бааԥси арҵаратә шәага-загақәеи еидҳәаламзароуп ҳәа.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы зқьихәышәҩык рҟынӡа ахҵәацәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит. Урҭ рҟынтәи быжьҩык – уаанӡатәи рынхарҭақәа ирхылеит.
Урыстәыла аҳәынҭуал аганахьала асанкциақәа рырӷәӷәара аԥшьыргеит Калифорниа ахьӡала Адемократиатә партиа ахаҭарнакцәа Бредли Шермани Максин Уотерси.
Гәылрыԥшь араион аҟны аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Габлиа.
Ахҭыс аҭыԥ аман Аҟәа ақалақь Аиааира амҩадуи Аидгылара амҩеи реихысырҭаҿы ԥхынгәы 12 ҵхыбжьон.
Аԥсны зыԥсшьарамшқəа зхызгоз ҳџьынџьуаа хəыҷқəа рыԥсадгьыл бзиа ишырбази, уи азы ргəаанагарақəеи ртəы ҳзеиҭеиҳəоит агəыԥ анапхгаҩцəа руаӡəк Ердынџь Аҭеиба.
Уаанӡатәи аилаӡарақәа инарықәыршәаны, Урыстәыла азенит-ракетатә системақәа С-400 Ҭырқәтәылаҟа анашьҭра иалагеит.
Аганқәа алацәажәеит украинатәи амшынуааи егьырҭ Украина атәылауааи рхақәиҭтәра азҵаара.
Абокс азы азыҟаҵаҩ Иракли Ҵурҵумиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахраҿа" агаразы Афон имҩаԥысраны иҟоу аицлабра ишазыхиоу.