Адыгатәылан атомтә електростанциақәа рзы амаҭәахәқәа ҭрыжьлоит

© Sputnik / Михаил Кухтарев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНововоронежская АЭС
Нововоронежская АЭС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маиҟәаԥтәи аредуктортә зауад ИАЕ «Зарем» мҽхакыҭбаалатәи амодернизациа ашьҭахь, аекологиатә, атехнологиатә, атомтә хылаԥшрақәа рзы Афедералтә маҵзура аҟнытә атомтә станциақәа рышьақәыргыларазы иахәҭоу амаҭәахәқәа рыҟаҵаразы азин аиуит.

АҞӘА, жьҭ 28 — Спутник Аԥсны. Уаанӡа ари азауад иҭнажьуан Урыстәылеи, Индиеи Китаи СНГ атәылақәеи ратомтә станциақәа рзы арепродукторқәа.аха урҭ ршәарҭадара ахаҭабзиара 3-4-тәи аҩаӡара аҟынӡа акәын иахьыҟаз, ахархәарагьы ахьрымаз азеиԥш усқәа рҿы акәын. Алицензиа аиура ашьҭахь азауад иҭнажьуа амаҭәахәқәа аҩбатәи аҩаӡараҟынӡа ихалоит, урҭ шьҭа ареактортә залқәа рҟны ахархәара роуеит. Акомпаниа анапхгара ражәақәа рыла, ари алицензиа абзоурала аџьармакьаҿы аҭыԥ бзиа аанкылара алшоит, уи аҭакԥхықәра ду ацуп, аха аконкурентцәа рххыԥхьаӡара еиҵахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0