Рауль Ҳаџьымба Ҟарачы-Черкессктәи Ареспублика ахада диԥылеит

© Фото : официальный сайт КЧРпм
пм - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Ҟарачы-Черкесскҟа иусуратә визит мшаԥымза 29 рзы ихыркәшахоит.

АҞӘА, мшԥ 29 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Ҟарачы-Черкесск ахада Рашьыҭ Темрезов диԥылеит. Абри аты аанацҳауеит Аԥсны ахада иофициалтә саит.

Ҟарачы-Черкесск ахада Рашьыҭ Темрезов инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Ҟарачы-Черкесски ҭоурыхтә шьаҭак змоу реизыҟазаашьақәа аиашьаратә шьаҭа шрымоу. Темрезов дрылацәажәеит ареспубликақәа рекономикатә еимадарақәа реиҵыхразы инагӡатәу аусмҩаԥгатәқәа.

"Ҳара Аԥсны ҳаешьаратә республиканы иҳаԥхьаӡоит. Сгәаанагарала, имҩаԥыжәго аус Аԥсны ахьыԥшымра арӷәӷәара иазынархоуп. Ҳара ҳганахь ала, ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳадгылоит", — иҳәеит Рашьыҭ Темрезов.

Ҟарачы-Черкесск ахада иазгәеиҭеит аамҭа шааиз аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы, уи азы алшарақәа маҷымкәа ишыҟоу.

"Зегь раԥхьа иргыланы, ҳара иаҳзеиԥшу ак акәны иҟоуп аекономика арҿиараҿы атуризм, ақыҭанхамҩа аԥхьа иахьгылоу", — иҳәеит уи.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Темрезов иҭабуп ҳәа иеиҳәеит адкылара бзиазы, ажәалагалагьы ҟеиҵеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рганахь ала.

"Иҟоуп аганқәа аусеицура ахьҳалшо. Уахь иаҵанакуеит атуризм, ақыҭанхамҩа ахырхарҭақәа. Агәыӷра сымоуп арҭ азҵаарақәа рҟны аилибакаара ҳауеит ҳәа. Аус ауеит Аԥсни Ҟарачы-Черкесски рыбжьара аҭира-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, акультуратә еизыҟазаашьақәа рзы. Иҟоуп апроект Аԥсни Ҟарачы-Черкесски еимаздо амҩа аргыларазы", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба  Ҟарачы-Черкесскҟа иусуратә визит  мшаԥы 29 рзы ихыркәшахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0