Аԥсны иалсны ицо аихамҩатә еимадара ҟалом ҳәа азгәарҭеит Қырҭтәыла

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчасток железной дороги в Абхазии. Архивное фото.
Участок железной дороги  в Абхазии. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономикеи аҿиареи рминистр Георги Квирикашвили аҳәамҭа ҟаиҵеит Қарҭ, Аԥсны иалсны аихамҩала аимадарақәа реиҭашьақәыргылара аҭыԥ рыманы ишамбо.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Ермантәылеи, Қырҭтәылеи Урыстәылеи еимаздо Транскавказтәи аихамҩа  Аԥснытәи ахәҭа аиҭашьақәыргылара ҟалараны залшом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономикеи аҿиареи рминистр Георги Квирикашвили

"Еишьашәаламкәа ҳхы анымҩаԥааго, ҳрегионқәеи дареи аидыларазы аиқәшаҳаҭрақәа рнапы анрыҵарыҩуа аамҭазы иарбанызаалак атранзит аиҭашьақәыргылара аӡбахә аҳәарагьы ҟалом", — иҳәеит Квирикашвили.

Иара иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә проблемақәа рҭыԥ иқәҵахаанӡа атранзиттә еихамҩа аԥсуа хәҭаҟны аиҭашьақәыргылара алацәажәарагьы ҟалом ҳәа.

Чрыгба: Аԥсны аламырхәӡакәа аихамҩа азҵаара аӡбара залшаӡом

Уаанӡа иҟан аацҳамҭа, ԥхынгәы 15рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасини Урыстәылатәи Афедерациеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьазы  Қырҭтәыла Аԥыза-министр  ихаҭарнак Зураб Абашиӡеи  Прага ақалақь аҟны имҩаԥысраны иҟоу реиԥылараан атәылақәа рыҩбагьы атранспорт аусхк аҟны реинырра атәы иалацәажәараны иҟоуп ҳәа.

Транскавказтәи аихамҩа аԥснытәи ахәҭаҟны аихамҩатә ныҟәара еиԥҟьан 1992-1993шш. рзтәи Аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага инаркны. Европа аҽадҵара мап ацәызымкуа, аха иара убри аан Кремльи дареи реизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара зҽазызшәо Қырҭтәыла анапхгара ҿыц изныкымкәа ирҳәахьан, Урыстәылеи дареи реихамҩатә еимадара аиҭашьақәыргылара ишазыхио. Дара убасгьы иадгылаҩын Аҟәа-Қарҭ-Ереван рхырхарҭақәа рыла аихамҩатә транзит аиҿкаара. Москва агәаанагарала, асеиԥш иҟоу апроектқәа рынагӡара ацхраауеит аганқәа зегьы рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵра.

Ажәабжьқәа зегьы
0