Ашәаҩатә курортқәа рыргылара Кавказ аекологиа иаԥырхагахоит

© Фото : Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКавказ. Архивное фото.
Кавказ. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсабара ахьчараз аиҿкаарақәа ашәара рымоуп Адунеизегьтәи аҭынхатә обиект "Мраҭашәаратәи Кавказ" ашәаҩатә курортқәа рыргылара иахҟьаны арыцҳара иақәшәар ҟалоит ҳәа.

АҞӘА, абҵара 3, Sputnik. Урыстәыла абнатә ԥсабара адунеизегьтәи Афонд (WWF), Greenpeace,  егьырҭ аекологиатә еиҿкаарақәеи ИуНЕСКО ахь ашәҟәы нарышьҭит Адунеизегьтәи аҭынхатә обиект "Мраҭашәаратәи Кавказ" ашәаҩатә  курортқәа рыргылара иахҟьаны арыцҳара иақәшәар ҟалоит ҳәа арбаны.

"Ҳара иаҳҭахуп шәазхьаҳарԥшырц адунеизегьтәи аҭынхатә обиектқәа Шәачатәи амилаҭтә парк аҟни иара иаԥну аҵакырадгьылқәа рҟни ашәаҩатә  курортқәа рыргылара иахьаҿу азы арыцҳара иақәшәар шыҟало атәы", ҳәа аҳәоит ИуНЕСКО  ахада Ирина Бокова лыхьӡала инашьҭу ашәҟәы аҟны.

Ашәҟәы знапы  аҵазҩыз ргәаанагарала  Шәачатәи амилаҭтә парки иара иаԥну аҵакырадгьылқәеи рҟны  ашәаҩатә курортқәа рыргылараз апланқәа рымацарагьы иалдыршоит  адунеизегьтәи аҭынхатә обиектқәа ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа ашьаразы. Аекологцәа  иазгәарҭоит Шәачатәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҽазыҟаҵараангьы "Мраҭашәаратәи Кавказ" аҳәаақәа рырҭбаара ргәы ишҭаз.

"Мзымҭа аӡиас ахыхьҟа арҭ апроектқәа рырҿиара иҵакыдартәуеит  азиаԥхьатәи алеопард ахкы абарҭ аҭыԥқәа рҟны аиҭашьақәыргылара, избанзар арҭ адгьылқәа роуп Кавказ егьырҭ арегионқәа рахь агыгшәыг раларҵәараз уназго коридорны иҟоу" аҳәоит ашәҟәы аҟны.

 Иахьатәи аамҭазы адунеизегьтәи аԥсабаратә ҭынха  ИуНЕСКО иаобиекту «Мраҭашәаратәи Кавказ» ахь иаҵанакуеит Кавказтәи аҳәырԥсарреи егьырҭ Адыгатәыла аҵакырадгьыл аҟны ҷыдала ирыхьчо аԥсабаратә ҭыԥқәеи. Урҭ ирыԥну Шәачатәи амилаҭтә парк аҟны азиаԥхьатәи алеопард ааӡаны аԥсабарахь аужьразы иргылоуп апитомник.


Ажәабжьқәа зегьы
0