Лавров: Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рықәлара алҳаршом

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистр иностранных дел РФ Сергей Лавров
Министр иностранных дел РФ Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Владимир Путин иазгәеиҭахьан Урыстәылеи Аԥсныи арегион аҟны ашәарҭадара аиҿкааразы рырбџьар мчқәа реинырра аҵакы аманы дшахәаԥшуа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 — Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров НАТО Қырҭтәыла аҟазаара далацәажәо иҳәеит Урыстәыла ишалнамыршо Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала амч ахархәара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара агәра згоит иарбанызаалак жәыларак шыҟамло. Дара ибзианы еилыркаауеит арҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа, ҳҩызцәа рықәларагьы шалаҳмыршо", — иҳәеит Лавров.

Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан 2008 шықәса цәыббра 9 рзы, 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь.

Ҩ-ганктәи аусеицура шьаҭаны иамоуп 100 инареиҳаны еиқәышаҳаҭра. Арахь иаҵанакуеит 2008 шықәса цәыббра 17 рзы анапы зҵарҩыз аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса абҵара 24 рзы напы зҵарҩыз аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра.

Ажәабжьқәа зегьы
0