Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәамҭа ҟарҵеит Қырҭтәыла аҳәааҿы апровокациақәа шымҩаԥнаго

© Фото : Robert HickersonКолючая проволока
Колючая проволока  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит ишьақәыргылоу аҳәаатә режим иқәныҟәаларц, уи еиларымгаларц.
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Қырҭтәыла анапхгара аҳәаа иаԥну аганқәа рыҩбагьы ртәылауаа  аҵәы рыҵарҵоит аҳәаа закәаншьаҭада ахысразы, акоронавирустә инфекциа алаҵәара ашәарҭарагьы агәхьаа мкыкәа, ареспублика асуверинитет азхамҵара аполитика аларҵәо ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ашәарҭадаратә еилак аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Азхаҵара ашьҭахьтәи аусқәа: иаҭахузеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҿиаразы
Аҳәамҭа ҟаҵоуп Аахыҵ Уаԥстәыла ақыҭа Уиста (Цнелис) аҳәаа иахьаԥну аҭыԥ аҿы иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы. Ара ҩышықәса раԥхьа ақырҭуа мчрақәа закәаншьаҭада аблокпост аргылара иалагеит. Амаҵзура ҷыдақәа ари Қарҭ агрессиатә ҭахрақәа ирыдҳәаланы иашьеит.  Ареспублика анапхгара изныкымкәа Қырҭтәыла амчрақәа рахь ааԥхьара ҟарҵахьан абџьар змоу арҟәшақәа аҳәаа иаԥырыргарц, аблокпост ықәыргарцгьы.  
Аахыҵ Уаԥстәыла АШәЕ аҿы иазгәарҭеит аимак аҭышәныртәалара апроцесс иҵоуроу адинамика  ахьамам азы аҳәаахысырҭатә ҭыԥқәа  русура ааныркылар шакәхаз.
"Ареспублика аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбраҿы напхгаганы ирыман  раԥхьа иргыланы атәылауаа ршәарҭадара аинтерес. Аха  аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы аԥкырақәа ирыхьмырԥшыкәа, агуманитартә знеишьа аарԥшуа ҷыдала, хаҭа-хаҭала ахаҿқәа  рзы аӡбрақәа рыдыркылалоит урҭ ахаҿқәа Қырҭтәылаҟа имцар амуазар ма Аахыҵ Уаԥстәылаҟа Қырҭтәылантәи рыхынҳәраан. Убри аан азҵаара ҵоураны аӡбаразы Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра ашәарҭара иҭамгылозароуп", - ҳәа аҳәоит АШәЕ адырраҭара.
Аусбарҭаҿы иазырыԥхьаӡоит аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аԥкразы арҭ ауснагӡатәқәа COVID-19 аҟынтәи ацәыхьчаратә ҟазшьагьы шрымоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0