Иаатит асахьаҭыхцәа Адгәыр Ԥлиеи, Адгәыр Амԥари рцәыргақәҵа

© Фото : ТомасТхайцукИаатит асахьаҭыхцәа Адгәыр Плиеи, Адгәыр Амԥари рцәыргақәҵа
Иаатит асахьаҭыхцәа Адгәыр   Плиеи, Адгәыр Амԥари рцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асахьаҭыхцәа Реидгыла, ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит асахьаҭыхцәа Адгәыр Плиеи, Адгәыр Амԥари рцәыргақәҵа

 АҞӘА, жьҭ 22 – Спутник Аԥсны. Асахьаҭыхцәа Адгәыр Ԥлиеи, Адгәыр Амԥари рырҿиаратә цәыргақәҵа аатит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Уи хьӡыс иаиуит «Ҿыханҵала аицәажәара». Ацәыргақәҵа амҩаԥгара иацхрааит анаукеи акультуреи рыҿиара иазку аурыс-аԥсуа фонд «Иналаст». Уи ахада Белла Агрба лцәажәараан иазгәалҭеит, ари ахҭыс даҽазныкгьы аҟазара адунеи аҭааразы аҭагылазаашьа шаԥнаҵаз. 
Асахьаҭыхцәа Реидгыла ахада Адгәыр Ӡиӡариа ацәыргақәҵа иалахәу асахьаҭыхцәа ирыдиныҳәалеит ари амш, иагьырзеиӷьишьеит анаҩстәи аихьӡарақәа. Уи дазааҭгыланы далацәажәеит асахьаҭыхцәа дасу рҟазаратә ҷыдарақәа ртәы. Убас, Адгәыр Ԥлиа исахьаҭыхшьеи, ишҭихуа апеизажқәеи ирызкны иазгәеиҭеит, еиҳарак ақалақь апеизаж шааирԥшуа. Уи алагьы агәалаҟазаареи аколорити рцәыргара дшашьҭоу. Адгәыр Амԥар иҟазара абстракциа ахархәарала игәы иҵхо аҭагылазаашьақәеи аҟазшьақәеи раарԥшра ишазку иҳәеит Ӡиӡариа.
Акультура аминистр, ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа зусумҭақәа цәыргақәҵоу асахьаҭыхцәа дрыдныҳәало иазгәалҭеит Адгәыр Амԥар изы ари раԥхьаӡатәи ацәыргақәҵа шакәу.
Адгәыр Ԥлиа Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла далахәуп, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа Аԥсни аҳәаанырцәи ихы рылаирхәхьеит. Иусумҭақәа Аԥсни Урыстәылеи ахатәы коллекциақәа рҿы иҟоуп. Исахьақәа тема хадас ирымоуп Аԥсны апеизаж аарԥшра. Адгәыр Амԥар, Апснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы асахьаҭыхратә ҟазара афакультет аҿы аҵара иҵон. Абстракциа ихадоу хырхарҭоуп уи исахьаҭыхратә ҟазараҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0