Аԥснытәи асолистцәа Москва иқәгылеит

Аԥснытәи асолистцәа Москва иқәгылеит
Аԥснытәи асолистцәа Москва иқәгылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа раԥхьаӡа акәны Москва Пушкинтәи азал аҟны иқәгылеит.

АҞӘА, абҵ 10 – Спутник Аԥсны. Александр Пушкин ихьӡ зху аҿыханҵаратә ҟазара иазку аҳәынҭкқарратә амузеи аҟны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи асолистцәа Лука Гаделиеи (аорӷан) Кристина Ешбеи (асопрано) рконцерт. Урҭ азыӡырцәа ирыдыргалеит апрограмма "Иссиру барокко" зехьӡу.

Лукеи Кристинеи иазгәарҭеит ари амузеи ахь ааԥхьара роуреи, рықәгылареи дара рзы акыр шаҵанакуа. Избанзар, Микеланджело изал аҟны шықәсык ахь зынӡа жәаҩа орӷантә концерт шракәу имҩаԥырго. Амузыкантцәа иҭабуп ҳәа ларҳәеит азал асахьаркыратә напхгаҩы, аорӷанарҳәаҩ Анастасиа Черток ироуз ааԥхьареи, дара рахь иаарԥшыз агәрагареи рзы.

"Иахьа араҟа имҩаԥысуеит акыр аамҭа ҳаззыԥшыз ахҭыс – амузыкант ҟазацәа Лука Гаделиеи Кристина Ешбеи рконцерт. Урҭ аартра дууп адунеитә музыкатә дунеи аҿы" – лҳәеит аконцерт ашьҭахь апионистцәа Жәларбжьаратәи рконкурс "Европа-Азиа" апрезидент ихаҭыԥуаҩ Ольга Зиновева.

Ажәабжьқәа зегьы
0