"Сердце мира" гран-при аиуит "Кинотавр" аҿы

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦеремония закрытия 29-го открытого российского фестиваля "Кинотавр"
Церемония закрытия 29-го открытого российского фестиваля Кинотавр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи акинофестиваль мҩаԥысуан Шәача рашәара 2-10 рзы. Афестиваль аркра ацеремониа мҩаԥысит Шәача, Аӡынтәи атеатр аҿы.

АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Урыстәылатәи акинофестиваль мҩаԥысуан Шәача, рашәара 2-10 рыбжьара. Акинофестиваль аԥхьахә хада Гран-при анашьахеит Наталиа Мешьчанинова лфильм "Сердце мира", ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ажиури иҭабуп ҳәа шәасҳәоит сусумҭа абас иҳараку ахәшьара ахьашәҭаз", — лҳәеит Мешьчанинова.

Афильм иара убасгьы иаиуит Даниил Дондуреи ихьӡ зху аԥхьахә.

Кадр из фильма Календарь - Sputnik Аҧсны
Шәача имҩаԥысуа акинофестиваль "Кинотавр" ибжьаратәу аихшьалақәа ҟаҵоуп

Акинофестиваль аҟны иреиӷьу актерцәа ҳәа рыхьӡ ҳәоуп: Анна Слиу ("Подбросы"), Степан Девонин ("Сердце мира").

"Сара ԥхыӡлагьы избалон мышкызны иреиӷьу ахаҵа ироль азы аԥхьахә санаршьап ҳәа", — иҳәоит Девонин.

Иреиӷьу арежиссуазы аԥхьахә аиуит афильм "Русский бес" (Григори Константинопольски).

Ажиури ахантәаҩыс дыҟан арежиссер Алексеи Попогребски, ажиури иалахәын актриса Оксана Акиньшина, акомпозитор Игорь Вдовин, актер Игорь Верник, апродиусер Евгени Гиндилис, аоператор Леван Капанаӡе, акинокритик Стас Тыркин.

"Кинотавр" — еицырдыруа акинофестиваль, 1991 шықәса раахыс Шәача имҩаԥыргоит. Иара шьаҭадыркит Марк Рудинштеини Олег Ианковскии.

Акинофестиваль апрезидент —Александр Родниански.

Ажәабжьқәа зегьы
0