Калининградтәи акинофестиваль аҟны иддырбоит акиносахьа "Махаз сыхьӡуп"

© Foto / Screenshot: Inar Narmania / YouTube Кадр из фильма "Меня Зовут Махаз". Режиссер Инар Нармания
Кадр из фильма Меня Зовут Махаз. Режиссер Инар Нармания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зметраж кьаҿу акино жәларбжьаратәи афестиваль, "Короче" захьӡу, мҩаԥысуеит Калининград, нанҳәа 18 - 20 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Зметраж кьаҿу акино жәларбжьаратәи афестиваль "Короче" мҩаԥысуеит Калининград, нанҳәа 18 — 20 рзы. Калининградтәи акинофестиваль аҟны иддырбоит акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" ҳәа еиҭеиҳәоит Sputnik аинтервиу азҭаз афильм арежиссер Инар Нарманиа.

"Афестиваль аҿы еиҳарак иӡырырго урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирылгаз арежиссиорцәа русумҭақәа роуп. Ажиурии инаԥхьоу асасцәеи акиноҟазараҿы аҭыԥ ду аанызкыло роуп" — иҳәоит иара.

Инар Нарманиа излаиҳәаз ала, Миха Лакрба иновеллақәа рҿы иара иҭахын иԥшаарц, автор инаиваргыланы ахәыцра илзыршо иҟаз ановелла.

Открытие международного кинофестиваля - Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи акинофестиваль аатит Аҟәа

"Исылшаз аҳәара сцәыуадаҩуп. Сгәыӷуеит ауаа иргәаԥхо аҟаҵара сылшеит ҳәа. Сара исхықәку Аԥсны акинематограф арҿиароуп", — иҳәеит арежиссиор қәыԥш.

Нарманиа иҳәоит иарбанызаалак аусумҭа ақәыргылара ауадаҩрақәа шацу.

"Ановелла ақьаад аҿы зыԥсы ҭоу акакәны иуныруеит аха уи иаанагом аекран аҿы иуқәҿиар ауеит ҳәа", — иҳәоит арежиссер.

2016 шықәса рзы аусура хнартит апроект ҿыц – Миха Лакрба иновеллақәа ирылхны зметраж кьаҿу афильмқәа раԥҵаразы. Акиноальманах аҭыхра нап аркын 2017 шықәса рзы, ихыркәшан 2018 шықәса рзы.

Раԥхьатәи Аҟәаәти жәларбжьаратәи акинофестиваль мҩаԥысит 2018 шықәса мшаԥы 2 — 6 рзы, иалахәын 32 усумҭа: Аԥсны, Европа, Урыстәыла, Америка, ИАР атәылақәа, Марокко, Тунис, Кореиа, Иран, Узбекистан, Венгриа рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0