Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбльқәа "Чагьами" "Амцеи" ахьтәы медалқәа ирыԥсахеит

© Фото : Кристина ЛамиаԥҳаАкәашаратә ансамбль
Акәашаратә ансамбль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нальчик имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аҟазаратә олимпиада "Таланты Евразии" аҟны Аԥснытәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбльқәа ҩба рыкәашацәа ахьтәы медалқәа роуит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҧсуа жәлар рдоуҳатә культура аихаҳара, аӡыргара, жәытә-натә аахыс абиҧарақәа имырӡӡакәа иааргоит. Ҳмилаҭтә культура ахаҿра, уи иамоу аҳаракыра, хымҧада иалумкаарц залшом. Уи ахә ҳаракны иршьахьеит аҟазаҭҵааҩцәа, аҵарауаа, акультура иазҿлымҳау, бзиа избо, амаҵ азызуа зегьы.

Детский ансамбль Адац на фестивале в Нальчике - Sputnik Аҧсны
Акәашаратә ансамбль "Адац" афестиваль аҿы аиааира агеит

Ҟабарда-Балкариа имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи акультуратә фестиваль ахь ааҧхьара рыман Џьгьардатәи абжьаратә школ аҟны еиҿкаау, ахореограф Адгәыр Кәарҷелиа сахьаркыратә напхгаҩыс дызмоу аҵаҩцәа рыкәашаратә ансамбль "Чагьами", акомпозитор Тото Аџьапуа имузыкатә школ аҟны иаҧҵоу, иара Адгәыр Кәарҷелиа напхгара зиҭо акәашаратә ансамбль "Амцеи".

"Шықәсыбжак инеиҳауп Џьгьарда ақыҭаҟны ахәыҷқәа акәашара дсырҵоижьҭеи. Мчыбжьык ахь ҩынтә имҩаҧызгоит аҽазыҟаҵарақәа, ҩ-гәыҧкны еихшоуп, ахәыҷқәеи, нас еиҳа ижыцәқәои ҳәа. Иааидкыланы 40-ҩык рҟынӡа инаӡоит рхыҧхьаӡара", — ҳәа азгәеиҭеит Адгәыр Кәарҷелиа ҳаниҿцәажәоз.

Ахореограф излаҳзеиҭеиҳәаз ала, изныкамкәа Нальчик аиҧш зеиҧшу афестивальқәа рахь ааҧхьара рырҭахьан. Ҩышықәса раҧхьагьы, Аҟәа ақалақь аҿы напхгара зиҭоз ансамбль "Амца" ахьтәы медалқәа хҧа ирыҧсахахьан, аҧхьахәтә ҭыҧ аманы ихынҳәхьан. Убас еиҧш, уажәгьы, Адгәыр Кәарҷелиа напхгара зиҭо ансамбльқәа, шәҳәынҭқаррак инареиҳаны атәым жәлар ахьыҟаз, аҧсуа хәыҷқәа рҟазара алыркааит.

"Сара исҭаххеит Џьгьардаа рхәыҷқәа абри акультуратә хҭыс ду рхы аладырхәырц, акы рбарц, ираҳарц. Егьҳақәҿиеит ҳәа сгәы иаанагоит, ахьтәы медалқәа хҧеи, аҧхьахәтә ҭыҧқәеи ҳрыҧсахеит. Ари еихьӡароуп, игәахәароуп ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Кәарҷелиа.

Ахореограф ҭабуп ҳәа реиҳәоит ааҧхьара рызҭаз, иара убас иарӷьажәҩаны ивагылаз ахәыҷқәа рҭаацәа, аиҿкааратә усқәа ацхыраара азҭаз зегьы.

"Аҧсуа чара кәашара, аҟабарда кәашара, ашьхарыуаа рыкәашара — абарҭ ақәгыларақәа рҟны ахьтәы медалқәа ирыҧсахеит ҳакәашацәа. Ансамбльқәа "Чагьами" "Амцеи" адиплом актәи аҩаӡара ранашьахеит", — ҳәа азгәеиҭеит ахореограф иҵаҩцәа рҟазара дазгәыдууны.

Адгәыр Кәарҷелиа Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа даушьҭымҭоуп, ззаанаҭ иазҟазоу хореографуп. 25 шықәса ансамбль "Шьараҭын" аҿы дкәашон.

Џьгьардатәи ашкол аҵаҩцәа рзы, аҳәаанырцә аҧхьахә агара раҧхьатәи шьаҿоуп. Ҳәарада, рыҧсҭазаараҿы аҧхьаҟа ирзыҧшу аихьӡрақәеи, ақәҿиарақәеи иҵегьы еиҳахап. Рырҵаҩцәеи, рҭаацәеи, дареи ирзеиӷьаҳшьоит аманшәалара, ҩаҧхьа аиааирақәа!

Ажәабжьқәа зегьы
0