Ансамбльқәа "Редадеи" "Рерашьеи" Сҭамԥыл ихырхыз рацәаҩхеит

© Фото : Ансамбль архив аҟынтәАкәашаратә ансамбль "Редада"
Акәашаратә ансамбль Редада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сҭамԥыл ақалақь, аԥсуа дернеқь аҟны еиҿкаау акәашаратә ансамбльқәа "Редадеи", "Рерашьеи" аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥыргои, аконцертқәа рҟны ахәаԥшцәа ишрыдыркылои ртәы ҳзеиҭеиҳәеит аколлективқәа рсахьаркыратә напхгаҩы Бурақ Хәымсацә.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

"Редада" Ҭырқәтәыла адагьы Аԥснынӡагьы аӡбахә неихьеит. Ари ансамбль Сҭамԥыл ишьақәгылеижьҭеи 25 шықәса ҵуеит. Зааԥсара аду рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Аԥсны Жәлар рартист Валери Ҭаниа. Иара иҵаҩы Бурақ Хәымсацә иоуп иахьа аколлектив аҟазаратә ҩаӡара шьҭыхны, аҳәаанырцәи Аԥсныи еицырдырратәы аус адызуло.

"Редада" Аԥсны раионцԥхьаӡа имеихсыӷьуаз напеинҟьарыла ирыдыркылахьан. Ҳџьынџьуаа ҳкультура иалаҽхәо, еиқәырханы иахьрымоу даара ҳаҭыр ақәырҵеит. Бурақ Хәымсацә иҳаилиркааит Аԥсны ианықәгылоз еиҳа ргәы шыхыҭ-хыҭуаз.

Анри Ферзба - Sputnik Аҧсны
Аҧсны жәлар рартист Анри Ферзба 65 шықәса ихыҵит

"Сара 2006 шықәсазы ансамбль сахәҭакны Аԥсныҟа сцеит. Ҳауаажәлар убас иԥханы ҳрыдыркылеит, тәымџьара акәымкәа, иара убраҟа сизшәа, сааӡазшәа схы збеит", - игәалашәоит иара.

Аԥсуа дернеқь аҟны иаԥҵоу ансамбль аиҳабыратәи агәыԥ "Редада" шьақәгылоуп 55-ҩык акәашацәа рыла, аиҵбыратәи "Рерашьа" 35-ҩык рыла. Иазгәаҭатәуп араҟа аԥсуаа рнаҩсгьы ишыкәашо егьырҭ Кавказ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы, убас аԥсуа шьа злоу аҭырқәа ҿаргьы.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит асабшалеи, амҽышалеи.

Аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы иҳәеит, шықәсык ҩынтә, Сҭамԥыл ақалақь қьырала азал ганы аконцертқәа шеиҿыркаауа. Арахь имҩахыҵуеит милаҭ еилых ҟамҵакәа ауаажәлар.

Сҭамԥылтәи атеатр Абысҭа ақәыргыламҭа аҟынтәи  - Sputnik Аҧсны
"Абысҭа" Сҭамԥылтәи асценаҿы

"Аконцерт мышқәак шагу афишақәа ырмазеины, зехьынџьара иалаҳарҵәоит. Уаҟа иану акәашацәа реилаҳәашьеи, ргылашьеи ахьаарԥшу асахьақәа ихырхуа егьырҭ амилаҭқәагьы рацәаҩхоит аҟнытә, азал уаала иҭәуеит", - ҳәа азгәеиҭоит Бурақ.

Бурақ Хәымсацә гәаҳәара дуны имоуп, уажәшьҭа напхгаҩык иаҳасабала иколлектив Аԥсныҟа агара.

Ансамбль "Редада" аамҭа-аамҭала асахьаркыратә напхгаҩцәа аԥсахуан, аха дара зегьы рышьҭа ӷәӷәа нрыжьит аколлектив ашьаҭаҟны. 11 шықәса зхыҵуаны ансамбль иалалаз Бурақ Хәымсацә иакәзаргьы, ирҵаҩцәа иларааӡаз ауп анаҩстәи изанааҭ алхраҿгьы ицхыраагӡахаз.

Акәашаратә Академиа иоушьҭымҭоу ахореограф иахьа қәҿиарала иеиҳабацәа рус иациҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0