Ахәыҷра иазышәаҳәо амузыкант

© Foto / из личного архиваМанана Галобери
Манана Галобери - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ақалақь аҟны инхо амузыкант Манана Рабо-иԥҳа Галобери ахәыҷтәы ашәақәа аԥылҵоит, ахәыҷбаҳчақәеи амузыкатә школи рҟны имҩаԥылгоит ашәаҳәаратә урокқәа. Уи моу, ахәыҷқәа идлырҵо ашәақәа реиԥш илыҩуагьы, шамахамзар иаԥсышәа мацароуп. Сара исыӡбеит заамҭа зегьы ахәыҷқәа рааӡареи аԥсуа ашәақәа раԥҵареи иазызкуа арҿиаҩы лусуратә мшы шымҩаԥысуа сазааҭгыларц.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча "Џьамхәыхә" санаҭааз аԥсшьара иаамҭан аҟнытә Манана Рабо-иԥҳа лусуратә уада ҭынч иҭысҵаартә алшара бзиа соуит. Саныҩналаҵәҟьа сылаԥш ақәшәеит акәакьахьшәа игылаз апианино. Излазбо ала, ари амузыкатә мыруга арҿиаҩы-ааӡаҩ лзы араҟа ихадоу "абџьаруп". Иара ахархәараҟны изеиԥшроу слырбаразы кыраамҭа лыҳәарагьы аҭахымхеит. Манана Рабо-иԥҳа апианино "анацәкьарақәа" еиԥхьышьшьаауа лхатәы "альбом" аҟнытә ашәак анаацәырылга, агәра згеит ари "абџьар" ҵабыргыҵәҟьаны аус шауа. Избанзар исаҳаз ахәыҷтәы ашәақәа иззырхаз азыӡырҩцәа рықәра иашьашәало еихышәшәа-еиҵышәшәоит, уи аан аҵакгьы џьара ирцәыӡны иубаӡом. Дук мырҵыкәа ҷыдалатәи аконцерт маҷ хыркәшаны, амузыкант исзаалыртит иахьатәи лзанааҭи лареи рҭоурых адаҟьақәа.

© Foto / из личного архиваМанана Галобери
Ахәыҷра иазышәаҳәо амузыкант - Sputnik Аҧсны
Манана Галобери

1981 шықәса инаркны, аамҭа кьаҿк иалагӡаны Галобериԥҳа амилаҭ инструменталтә ансамбль "Гәында" далахәын. Уи ашьҭахь, аамҭаказы аус луит ансамбль "Шьараҭын" аоркестр аҿгьы. 1985 шықәсазы Тҟәарчалтәи акультуратә хан ахәыҷтәы ҟәша данапхгаҩхоит. Иара уи ашықәсан Тҟәарчалтәи 4-тәи абжьаратә школ ашәаҳәара арҵаҩыс дҟалоит. Ҩышықәса рышьҭахь Манана Рабо-иԥҳа акультуратә хан аҟны лусура ныжьны ахәыҷбаҳҷахь диасуеит, иара убас аусура далагоит амузыкатә школ аҟны. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь акультуратә хан ахь лусура дазыхынҳәуеит. 1994 шықәсазы Ҭорник Амҷбеи, Геронт Кордааи лареи иаадыртуеит ахәыҷтәы музыкатә студиа "Ахәыҷра". Иахьатәи аамҭазы аус луеит ԥшьыџьара: Тҟәарчалтәи 4-тәи абжьаратә школ аҟны ашәаҳәара арҵаҩыс; ахәыҷбаҳчақәа "Џьамхәыхәи" "Амреи" рҟны амузыкатә усзуҩыс; насгьы амузыкатә школ аҟны амилаҭ инструментқәа рыла ахәыҷқәа ахәмаршьа длырҵоит.

Арҭқәа зегьы реилагӡара злалылшо санлызҵаа, Манана Рабо-иԥҳа минуҭкгьы дымхәыцкәа аҭак ҟалҵеит лара лзанааҭ ԥсшьарак ишылзаҩызо. Уи зыбзоуроу аилибакааратә еизыҟазаашьа ауп ҳәа илыԥхьаӡоит лара.

"Ахәыҷқәа бзиа ианубо аус рыдулара зынӡагьы уарааԥсаӡом. Насгьы дара уҳәатәы харҵарц уҭахызар, уаргьы рҟазшьа уҽақәуршәар ухәҭоуп. Ауаҩы еснагь игәалашәозар ауп адуи ахәыҷи рыԥсихологиа шхаз-хазу. Ҩынҩажәа шықәса зхыҵуа ушиацәажәо еиԥш, ҳәарада, ԥшьышықәса зхыҵуа ахәыҷы узиацәажәаӡом. Убри аҟнытә ахәыҷы акы аниеилуркаауа ма акы аниурҟаҵо, еснагь иара еиҳа ишизааигәоу аганахьала уазнеилароуп. Ус акәымкәа мчыла мацара акы дсырҟаҵоит ҳәа уалагар, ҳәарада, дара рҟынтәигьы аҭак бзиа уазымԥшын", - лԥышәа насымалдеит лара.

Ахәыҷбаҳча ақәра иҭысхьоу ахәыҷқәа ртәы ҳҳәозар, Манана Рабо-иԥҳа иазгәалҭеит урҭ аус рыдулара даҽа ҟазшьак шамоу, еиҳагьы ганрацәала азнеира шаҭаху. Избан акәзар ахәыҷы деизҳацыԥхьаӡа илаԥшҳәаагьы аҽарҭбаауеит, убри аҟнытә еиҳа-еиҳа иазҳауеит игәцареикуагьы.

© Foto / из личного архива Манана Галобери
Ахәыҷра иазышәаҳәо амузыкант - Sputnik Аҧсны
Манана Галобери

"Бзиа избаӡом, акы ада даҽакы рзымдыруа, мыцхәы ирџьбараны ахәыҷқәа рааӡарц ианалаго. Ахәыҷы зны-зынлагьы ахақәиҭра иҭалатәуп, хымԥада, хы змам ахақәиҭра акәымкәа - ииашоу ахақәиҭра. Убасҟан ауп еиҳа ианубарҭахо ахәыҷы еиҳа изыинтересу, ихы зызцо, еиӷьны ицааиуа. Хымԥада, ахәыҷы иалихыша, иара еиҳа изеиӷьхаша ахырхарҭақәа идугалалар ухәҭоуп, аха иара иҭыԥан алхра азин умаӡам. Ашәаҳәара бзиа ибозар – уицхраа, ирҵа. Аха мчыла, иара иҭахымкәа асцена дықәуцалар – иаргьы дрыцҳауп, уаргьы уиашахаӡом", - исеиллыркааит амузыкант.

Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иацынҵәаз: Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых

Манана Рабо-иԥҳа аҵаҩы рацәа рыдагьы, ҭаацәашәалагьы уаалыҵашьыцыртә дыҟоуп. Лара дандууп, илымоуп хҩык амоҭацәа. Руаӡәы, Салима – ашәа лҳәоит, далахәуп ланду напхгара зылҭо ачамгәырарҳәаҩцәа ргәыԥ. Амузыкант лмоҭа длырҽхәар лҭахымхеит, аха иазгәалҭеит Салима лҟыбаҩ бзиа, насгьы илҳәеит ашәаҳәаразы ихымԥадатәиу арбагақәагьы шлыгым. Салима ланду лыдагьы, лангьы ашәаҳәаратә баҩхатәра лылоуп, лхәыҷрашықәсқәа рзы лассы-лассы асценахь дцәырҵуан. Ажәакала, аҭыԥҳа дымҩақәызҵаша арҵаҩцәа лыгны дыҟаӡам. Аха ашәаҳәара аҽазыҟаҵарахь аус аннеило андуи амоҭеи реизыҟазаашьақәа аҩны инрыжьуеит. Ара дыҟоуп арҵаҩы, насгьы дыҟоуп аҵаҩы. Манана Рабо-иԥҳа лажәақәа рыла, инамыцхәны "ахшьышьра" аметод аҽазҵәылхра иаԥсам. Избан акәзар заанаҵы аҳаракырахь зхы назго ауаҩы, акаҳара мыцхәы игәы инархьыр ҟалоит.

"Еснагь акәымзаргьы, лассы-лассы ашәа зҳарҳәо ахәыҷқәа еиуеиԥшым арҿиаратә еицлабрақәа ирылаҳархәуеит. Ҳара ирацәаны ҳаниақәахьеит убри аиԥш аҭагылазаашьақәа, абаҩхатәра аҵыхәтәантәи аҭыԥ аҿы иныжьны "утәы-стәы" асистема ала ахәыҷқәа аԥхьахәқәа анранаршьо. Убри аҟнытә сара ианакәзаалак заанаҵы ргәы рҽанысҵоит, аҵыхәтәан мыцхәы ргәы рнамырхьырц. Иреилсыркаауеит абӷьыц акгьы шаанамго, ахы аус адулареи амаашьареи зегьы ишрыцку",  - лгәаанагара лҳәеит Галобери.

Манана Рабо-иԥҳа иара убас аԥстәқәа бзиа илбозаап. Уажәазы аҩны илымоуп арупап Гриша, насгьы "хомиак" ҳәа изышьҭоу аҳәынаԥ хәыҷы Даша. Урҭ рыбзоурала амузыкант лмоҭацәа аныҟамгьы лхала лхы дазынхаӡом. Даша аӡбахәала акгьы сыздыруам, аха Гриша ашәаҳәара аҵара иаҿуп. Араҟа аԥстәқәаҵәҟьа аҭаацәаратә ҵасқәа еиларгаӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0