Риҵа иӡааҟәрылаз Вадим Миасников иԥсыбаҩ рыԥшааит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРиҵа иӡааҟәрылаз Миасников иԥсыбаҩ аԥшаара. Архивтә фото.
Риҵа иӡааҟәрылаз Миасников иԥсыбаҩ аԥшаара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡиа Риҵа иӡааҟәрылаз Урыстәыла аҳазалхратә еилакы Уралтәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вадим Миасников иԥсыбаҩ рыԥшааит.

АҞӘА, мшԥ 3 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснытәи, урыстәылатәи аԥсеиқәырхаҩцәа еицхырааны аӡиа Риҵа  иӡааҟәрылаз Урыстәыла аҳазалхратә еилакы Уралтәи аҟәша аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Вадим Миасников иԥсыбаҩ рыԥшааит. Абри атәы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Sputnik акореспондент иаиҳәеит.

"Аԥсыбаҩ сааҭк аԥхьа, аӡиас аԥшаҳәа аҟынтә 25 метр иахьынаӡоз, 35 метр аҵаулара аҟны иԥшаан. Уажәы иахьыҟалаз аҭыԥ ахь аус еилыргаразы аспециалистцәа неиуеит, уи ашьҭахь Миасников иԥсыбаҩ шьҭыхзаауеит", – иҳәеит аминистр.

Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа Риҵа иӡааҟәрылаз иԥшаара рҽазыркуеит

Аԥшааратә усурақәа ирылахәын Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи, Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аладатәи арегионалтә центри русзуҩцәа.

"Аԥсыбаҩ ԥшаан урыстәылатәи ҳколлегацәа рмаругақәа рыцхыраарала, урҭ иреиуоуп аӡы аҵан аус зуа аԥшааратә аппаратқәа", – ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

46 шықәса зхыҵуаз Вадим Миасников хәажәкыра 31 рзы аӡиа Риҵа дӡааҟәрылеит. Иара иԥҳәыси, ихәыҷқәеи, иҩызцәеи ицны Аԥсны ԥсшьара ҳәа дааны дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0