Кабул иҟалаз атеракт иахҟьаны 12-ҩык ҭахеит

© AP Photo Rahmat GulРаненый в скорой помощи после атаки на Американский университет в Кабуле
Раненый в скорой помощи после атаки на Американский университет в Кабуле - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, хәҩык ҭахеит ҩеижәаҩык хәуп ҳәа акәын ишыҟаз.

АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik. Кабул иҭахаз рхыԥхьаӡара 12-ҩык рҟынӡа ихалеит, ихәу рхыԥхьаӡара 30-ҩык инаӡоит ҳәа аанацҳауеит ателеканал Tolo News.

Ателеканал адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟазҵо РИА Новости иаҳәоит атеррорист-аҽшьҩы ихы ԥижәеит Дарлуман иҟоу ақалақь аиҭашьақәыргылареи атәыла аҿиареи рзы Аминистрра аҩналарҭа аҿаԥхьа асааҭ 13.00 рзы ҳәа.

Аԥжәара аламҭалаз аминистрра аусзуҩцәа шьыбжьонҳәа русурҭа ҭыԥқәа ирхыҵуан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0