Иапониа аӡхыҵра иахҟьаны 200-ҩык рҟынӡа ҭахахьеит

Анапаҵаҩра
Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны аус руеит 73 000-ҩык рҟынӡа ахыхьчаратә мчрақәа, аполициа, амцарцәаартә хәҭақәа русзуҩцәа. Ахархәара рыҭоуп 80 вертолиот.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 — Sputnik. Иапониа алада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟалаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны иҭахеит 195-ҩык ауааԥсыра, ԥшьҩык аҭагылазаашьа уадаҩ рыманы ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аминистрцәа реилазаара амаӡаныҟәгаҩ хада Иосихиде Суга иажәақәа рыла.

Ателеилахәыра NHK аҳәамҭа ҟанаҵоит аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟоу араионқәа рҟынтәи 5600-ҩык ауаа шахыгоу. Апрефектура Хиросимаҿ ӡыда иҟоуп 239 000 нхамҩа.

Ииасыз амчыбжь азы Иапониа илеиз ақәаршыҩқәа ирхырҟьаны аӡқәа хыҵны ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирылалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0