Африка иршьыз аурыс журналистцәа рыхьӡқәа шьақәыргылоуп

© REUTERS / Baz Ratner/File PhotoСолдаты в Центральной Африке
Солдаты в Центральной Африке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналистцәа рыԥсыбаҩқәа рбеит Сибута 33 километра инацәыхараны. Дара зшьыз рхаҭара макьаназ ишьақәыргылам.

АҞӘА, нанҳәа 1 — Sputnik. Урыстәылатә арратә корреспондент Орхан Џьемаль, аоператор Кирилл Радченко, арежиссер Александр Расторгуев идырмыз шьоукы иршьит Африка агәҭатә республикаҿ ҳәа аанацҳауеит РБК.

Иҭахаз ари атәылахь иааит уа аибашьра иалахәу урыстәылаа ирызкны афильм аҭыхразы.

РИА Новости ишаҳәо ала Михаил Ходорковски иҭҵаарақәа рцентр аҿы ишьақәдырӷәӷәеит Орхан Џьемаль, Александр Расторгуев, Кирилл Радченко рҭыхырҭатә гәыԥ ААР ахь ишышьҭыз.

"Орхан Џьемаль, Кирилл Радченко, Александр Расторгуев еилахәны апроект мҩаԥыргон," — лҳәеит ацентр анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Анастасиа Горшкова.

Урыстәылатәи адипломатцәа уахь инеиит иҭахаз рхаҭарақәа рышьақәыргыларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0