Москва агәҭа ихысуаз ихаҭара шьақәдыргылеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобиль полиции на улице Москвы.
Автомобиль полиции на улице Москвы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва агәҭа идырым ахаҿы адипломатиатә хаҭарнакрақәа зыхьчоз аполициа аусзуҩцәа дрылахысит. Азинхьчаратә органқәа уи аҭакс ахысра иалагеит.

АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik. Москва агәҭа идырым ахаҿы адипломатиатә хаҭарнакрақәа зыхьчоз аполициа аусзууҩцәа дрылахысит. Азинхьчаратә органқәа уи аҭакс ахысра иалагеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Уажәы уи ихаҭара шьақәыргылоуп.

"Ахысра ҟазҵаз Ҟабарда-Балкариа датәылауаҩуп. 31-шықәса ихыҵуеит. Ииуз амзыз аҭҵаара иаҿуп", — ҳәа рҳәеит азинхьчаратә органқәа рҿы.

"Амҩаду Сивцев Вражек, аҩны 43 аҿаԥхьа идырым ахаҿы ишьақәыргылам абџьар ихы иархәаны адипломатиатә хаҭарнакрақәа зыхьчоз аполициа аусзууҩцәа дрылахысит. Аполициа аусзуҩцәа руаӡәк дхәуп", — ҳәа аҳәоит аҳәон РИА Новости уаанӡа иҟанаҵаз адырраҭараҿы.

Иара убасгьы иазгәаҭан аполициа аусзуҩцәа уи аҭакс атабелтә бџьар ала ахысра ишалагаз. Ажәылара зуз ауаҩы дхәуп. Ахҭыс ахьыҟалаз 500 метра инацәхыкны Филиппины ацҳаражәҳәарҭа гылоуп.

Аҭыԥ аҿы аус руеит аоперативтә гәыԥ.

Ажәабжьқәа зегьы
0