Кострома амҵан дҭахеит Урыстәыла апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ

Анапаҵаҩра
Апассаџьыртә вертолиот AS 350 B3 Кострома амҵан икаҳаит.

АҞӘА, жьҭаара 4— Sputnik. Иҟоу аҵыхәтәантәи аинформациала, авертолиот акаҳараан дҭахеит Урыстәыла апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Саак Карапетиан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Атранспорт азы Аҩада-Мрагыларатәи Ашьаусҭҵааратә еилакы аҳәамҭа ҟанаҵеит Апассаџьыртә вертолиот AS 350 B3 Кострома амҵан икаҳаит ҳәа. Убри аан иазгәаҭан хҩык шҭахаз, аха рыхьӡқәа ҳәамызт.

Аусҭҵаара нап аркуп. Аҭыԥ аҿы аполициеи аиқәырхаҩцәеи ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ирҿуп.

Саак Карапетиан Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет, М. А. Суслов ихьӡ зху далганы аус иуан, аԥхьа ростовтәи апрокуратураҿы, нас атәыла аҳҭнықалақь ахь диасит. 2016 шықәса раахыс атәыла апрокурор хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0