Урыстәылатәи аспелеолог дҭахеит Арбаика иҟоу аҳаԥы аҭалараан

© Sputnik Ткуарчалские водопады
Ткуарчалские водопады - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Павел Демидов Аԥсны дааны дыҟан акоманда CAVEX дацны, дара ашьхеибаркыра Арбаикаҿы аԥхынтәи аекспедициа мҩаԥыргон.

АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Агәыԥ "Перово-Спелео" иалахәыз урыстәылатәи аспелеолог Павел Демидов дҭахеит Арбаика иҟоу, макьаназы иҭҵаам аҳаԥқәа руак аҭалараан. Абри атәы ааицҳаит агәыԥ алахәцәа руаӡәк Facebook аҿы иҟоу Демидов идаҟьаҟны.

Астамур Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Адлеиба аҳаԥы аҩныҵҟа ауаҩы иеиқәырхаразы: иаҳа иуадаҩуп, ҳақәымшәацт

Нанҳәа 23 рзы Демидов аҳаԥы дҭалеит иколлега Андреи Шумеико дицны. 305 метра инарзынаԥшуа ҵаҟа ицахьан еиԥш аҳаԥаҿы ахаҳә гәал дуқәа еилаҳауа иалагеит. Павел Демидов ахаҳәқәа дызрыҵымҵӡеит, Шумеико аԥсеиқәырхара илшеит.

Нанҳәа 26 рзы иалагеит Демидов иԥсыбаҩ аҵхразы аоперациа. Уи напхгара аиҭоит урыстәылатәи аспелеолог Денис Провалов.

Аԥсны иҟоу аҳаԥқәа рыҭҵааразы аекспедициақәа мҩаԥысуеит асовет аамҭақәа раахыс. 1981 шықәса раахыс Асовет Еидгыла аспелеологцәа аҭҵаарадырра-систематә знеишьала аҳаԥқәа рыԥшаара иалагеит. Арбаика ашьхеибаркыра хәҭа-хәҭала еихшан, анаҩс аспелеоклубқәа рыбжьара иалырхит доусы хәҭас иҭырҵаауа.

Гагратәи ашьхеибаркыра аладатәи анаара ахкәакь ҳәа ахьӡырҵеит уи аҳаракырақәа реикәагылашьа иаҿырԥшны. Аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы араҟа иалкаан архақәа хәба.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0