COVID-19 аҽацәыхьчаразы Аԥсны иалагалоу аԥкра ҿыцқәа

Анапаҵаҩра
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра ргәабзиара акоронавирустә инфекциа COVID-19 ацәыхьчаразы хаз игоу уснагӡатәқәак рышьақәыргыларазы" аусԥҟаҿы иарбоу аԥкрақәа азинмчы роуеит жьҭаара 5 инаркны.

Ааԥынразы Аԥсны иалагалан аҭагылазаашьа ҷыда, еиуеиԥшым аԥкрақәа, аԥсуа-аурыс ҳәаа аркын.

Рашәарамзазы аԥкрақәа аԥырхит, ачарақәеи агәырӷьаратә уснагӡатәқәеи рымҩаԥгаразы азин ҟарҵеит.

Нанҳәамза алагамҭазы иаартын Аԥсни-Урыстәылеи рҳәаа, атуристтә сезонгьы ихьшәаны ихацыркын. Нанҳәамза аҽеиҩшамҭазы аепидеомиологиатә ҭагылазаашьа аҽаԥсахуа иалагеит, рхыԥхьаӡара иацлеит аҿкы чымазара зыдбалоу ауаа.

Цәыббрамза 18 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵеиҩит акоронавирустә инфекциа COVID-19 ацәыхьчаразы аԥкрақәа ралагаларазы аусԥҟа, уи азинмчы аиуеит жьҭаара 5 инаркны.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0