Урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик: хәажәкыра

Анапаҵаҩра
Нанҳәамза 2020 шықәса инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәытә шәарақәа абанктә хсаалагақәа ирхымԥхьаӡалакәа абанктә кассақәа рҟынтәи рыҭара иалагеит.

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аграфик есымза еиқәнаршәоит.

Хәажәкырамзатәи урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, хәажәкыра 16, 17, 18 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа, хәажәкыра 19, 22, 23 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз, хәажәкыра 24, 25, 26 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз, хәажәкыра 29, 30, 31 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз, мшаԥы 1, 2 - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз, мшаԥы 5, 6 - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.

Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа Аҵәахырҭатә банк акассақәа рыла ршара ишалаго.

Жәабран 8 инаркны аԥсуа тәанчахәы мацара зауа атәанчаҩцәа аԥара роулоит абанкоматқәа рҟынтәи абанктә хсаалагақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0