Аклассиктә музыка аконцерт мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукС. В. Рахманинов ихьӡ зху аквартет аконцерт. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
С. В. Рахманинов ихьӡ зху аквартет аконцерт. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара аказы раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит Арҿиаратә еидгыла «С. В. Рахманинов ихьӡ зху аквартет» рконцерт.

АҞӘА, абҵ 2 – Спутник Аԥсны. Арҿиаратә еидгыла «С. В. Рахманинов ихьӡ зху аквартет» ахәаԥшцәа ирыднагалеит адунеитә ҟазара иаҵанакуа акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Бородин, Перголези, Вивальди, Гендель, Брамс, иара убас аерман жәлар рашәақәа.

Аколлектив актәи аскрипка жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат, Шәачатәи афилармониа асолистка Ксениа Гамарис, аҩбатәи аскрипка – Алексеи Петровски, альт аҿы дыхәмаруеит Сергеи Цедрик, авиолончель аҿы – Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, аколлектив аиҿкааҩ Владимир Шохов, афортепиано – Татиана Баликоева.

Аколлектив еиҿкаан 1976 шықәсазы Шәачатәи афилармониаҿы иҟоу литватәи аквартет аҳасабала, аха 31 шықәса раԥхьа уи агәыԥ афилармониа иаквартетны иҟалеит иагьаиуит ахьӡ «С. В. Рахманинов ихьӡ зху аструнатә квартет» ҳәа. Аквартет аусура аамҭала иаанкылан, иагьеиҭашьақәыргылан 2012 шықәсазы ахьыӡ ҿыц аҭаны Арҿиаратә еидгыла «С. В. Рахманинов ихьӡ зху аквартет» ҳәа. Уажәы агәыԥ аҿы ԥшьҩык ахәмарцәа рыдагьы еиуеиԥшым апрограммақәа рынагӡараз ааԥхьара роуеит егьырҭ амузыкантцәагьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукРахманинов ихьӡ зху аквартет аконцерт. Ахҭыс аҭыԥ аҟынтә афото.
1/4
Рахманинов ихьӡ зху аквартет аконцерт. Ахҭыс аҭыԥ аҟынтә афото.
© Sputnik / Томас ТхайцукРахманинов ихьӡ зху аквартет аконцерт. Ахҭыс аҭыԥ аҟынтә афото.
Рахманинов ихьӡ зху аквартет аконцерт. Ахҭыс аҭыԥ аҟынтә афото. - Sputnik Аҧсны
2/4
Рахманинов ихьӡ зху аквартет аконцерт. Ахҭыс аҭыԥ аҟынтә афото.
© Sputnik / Томас ТхайцукРахманинов ихьӡ зху аквартет аконцерт. Ахҭыс аҭыԥ аҟынтә афото.
3/4

4/4

«Иалҳхыз аформа ҿыц аклассикатә музыка аҳәаақәа арҭбаауеит, апионист иалагалара алшара ҳнаҭоит адует инаркны аквинтет аҟынӡа амузыка анагӡара, аха ихадоу хырхарҭаны уеизгьы инхоит аҭоурых ду змоу, ианаамҭаз иреиӷьӡоу агәыԥқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз аструнатә квартет», – иҳәеит аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы Сергеи Цедрик.

Ари апроект еиҿкаан Аԥсны иалҵыз авокалистка, Еревантәи аконсерваториа иалгаз Сирануш Гаспариан лыцхыраара ала.

«Сара адунеитә сценақәа жәпакы рҿы сықәгылахьеит, аха раԥхьаӡа акәны сахьииз Аԥсны ақәгылара ҷыдала исныруеит», – лҳәеит Гаспариан.

Сергеи Цедрик иажәақәа рыла, Аԥсны аконцертә программақәа рыла ақәгылара ари нахыс традицианы иҟалоит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0